Бебиаԥҳа: Сергеи Багаԥшьи сареи ҳамаӡақәа еилан, ҳагәра еибагон

© Foto / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСергеи Уасил-иԥа Багаԥшь
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиа Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара иалҵра амш азы Аԥсны аҩбатәи ахада изку лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит.

АҞӘА, лаҵарамза 29 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь саргьы, ҳажәларгьы ргәалашәараҟны дынхоит дуаҩы лашаны, дуаҩы қьыианы, ажәлар рзы абзиара зҭахыз, зыԥсадгьыл азыҳәан зхи-зыԥси иамеигӡоз уаҩны, ҳәа лҳәеит Багаԥшь дылгәаларшәо ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа.

Сергей Багапш выступил на митинге в Сухуме по поводу признания независимости Абхазии Россией. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Ашәба: Багаԥшь идҳәалоу ахҭысқәа рацәоуп, уажәада еиҭасымҳәацгьы ыҟоуп

"Сергеи Багаԥшь изкны иуҳәаша даара ирацәоуп, избанзар уи иеиԥш иҟаз аҵеи дуцәа Аԥсны уиаҟара ирацәам. Сергеи Багаԥшь идҳәалоу агәалашәарақәа рацәаны сара сыԥсҭазаара аҟны иҟоуп, избан акәзар журналистк иаҳасабала еснагь сазҿлымҳан Сергеи Багаԥшь иусура аӡыргара, сашьҭан Сергеи Уасил-иԥа еиԥш иҟаз ауаҩы иизкны акы аҩра, акы аԥҵара. Иара Џьгьарда далҵит, сара Кәтол, хаҭалагьы аиуара ҳабжьоуп ҳара, ҳҭаацәагьы еиҭанаиааиуан, ҳаҭыр еиқәырҵон, ԥхарала еибабон. Убри аҟнытә схәыҷаахыс дыздыруан, аха еиҳа иааигәаны дыздырит Очамчыра араион данахагылаз. Убри аамҭаз сара сҽазызскит иара изкны аматериалқәа реидкылара. Иара ахӡыргара уамак иҭахӡамызт, иҟаиҵоз зегьы ижәлар рзы акәын изыҟаиҵоз ", —  хәа лҳәеит Бебиа.

Екатерина Бебиа лажәақәа рыла, иара Очамчыра араион данахагылаз ауп еиҳарак аԥсуа жәлар данырдыр ҳәа.

"Усҟан иара илшеит ақырҭцәа рнапы аҟны ишыҟазгьы ижәлар рхьаақәа зегьы дырны, еиҳа иахьрыхьуаз, ргәеисра инапы ақәкны ҳажәлар хьаас ирымаз аӡбараҿы дрыдгыланы, дырҩызаны, драԥхьагыланы, абас ихы ааирԥшит. Уи ажәлар иахьагьы еицҿакны ирҳәоит", — ҳәа ацылҵеит лара.

Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас даныҟала ашьҭахь акымкәа-ҩбамкәа афильмқәа изылкхьан ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа. Еиҳарак игәылҭәааз афильм аԥылҵеит, иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа рыҟны дцаны, иара ибзианы дыздыруаз ргәалашәарақәа анылҵеит, убас Ҭырқәтәылагьы.

Аҩадатәи Кипр иҟоу Аԥснытәи амҵәышәымпыл асыҩцәа иахьа аиааира ргеит

"Сергеи Уасил-иԥа иԥсы анҭаз аҵыхәтәантәи иусуратә визит Ҭырқәтәыла акәын иахьыҟаз. Убраҟа аҵыхәтәантәи ицәажәарақәа, иқәгыларақәа, дышрыдыркылаз ҳаԥсуа диаспора, абарҭкәа зегьы анысҵеит. Иҟан игәы изырхьыз афактқәагьы. Сергеи Багаԥшь Аԥснынтә данцоз Ҭырқәтәылаҟа игеит аҳамҭақәа ҳџьынџьхылҵшьҭрақәа рзын. Иара хаҭала иҿаҵаны еиқәиршәеит хԥаны аԥсуа маҭәа: акәымжәы, акаба, ахылаԥарч. Амаҭәа зызкыз ҩыџьеи иареи реиԥылара шьақәгылеит, аҳпатәи дмааӡеит аиԥыларахь. "Ҵаҵӷәыс иамо ҳәа данҵаа", ус иарҳәеит "иара гәалақәак имоуп" ҳәа. Сергеи Багаԥшь аҭел дизаст иара, егьи ус иаиҳәеит "уара Аԥсны аҭира уаҿуп", ҳәа. Сергеи Уасил-иԥа дахьгылаз ақьаад бӷьыц еиԥш дышкәакәахеит, ҳәа сзеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рхеилак аиҳабы Феридун Аҟәсба. Абас игәы изырӷьшаз рацәан иԥсҭазаараҟны, избан акәзар иара дуаҩы лашан, дуаҩы цқьан, ииҳәоз зегьы игәы иҭаз акәын, иҳьӡ аҟьашьрақәа анадырҳәалоз гәыхьрала идикылон. Абриала иҟасҵоит алкаа, ауаҩы игәы ипсы ҭыхны ижәлар данырзыҟоу, абас иҟоу ацәажәарақәа ихьӡ аҟьашьразы иадырҳәалоит, иҵышьыцуеит аҟынтә. Ирацәаны аԥынгылақәа иоухьан ижәлар бзиа иахьибоз, гәыцәс дахьыҟаз иахырҟьаны", — ҳәа ацылҵеит лара.

Екатерина Бебиаԥҳа иазгәалҭеит, Сергеи Багаԥшьи лареи реиуара азыҳәан акәу, реиҩызара акәу, гәык-ԥсыкала иахьеизыҟаз акәу гәрагарак иман лара лахь ҳәа.

"Аибашьра ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҟны еизарак ыҟан, уи ашьҭахь аԥсшәа ааибаҳҳәеит, усҟан саагәыдиҳәҳәалан слымҳаҟны даасахәыҭхәыҭит, усгьы иҳәеит "ажурналистцәа зегьы рыгәра згаӡом, аха хьаа дук сымоуп, ари аҭоурых иазынхар сҭахуп, аиаша бара ибасҳәар сҭахуп, ианаҭаххалакь акьыԥхь ахь инабгап" ҳәа сеиҳәеит. Саргьы иџьасшьеит абри ауаҩы нага, ауаҩы лаша дыззымиааиуа арбан ҳәа сгәы иаанагеит. Ҩы-шықәсаҟа ҵит уи ашьҭахь, уи азҵаара сазыхынҳәыр сҭаххацыԥхьаӡа иара мап икон, усҟан уи игәы  иҭашны иҟазар акәхарын, аха уаҳа ианысымуӡа, бзиоуп Џьгьарда ҳаиқәшәап иҳәеит. Убрахь ацаразы убри аҟара аԥынгылақәа соут сара, аимак-аиҿак ҳауит снапхгареи сареи. Аха сара ҟазшьас исымуп, акы саналагалак инасыгӡароуп аҟынтә, сара сҽеидкыланы аҭыхрақәа рахь сцеит, ахԥатәи амш азы аусура самархит, уи ҟалеит 1999 шықәсазы. Иаргьы уахь снеира абас аконфликт шалҵыз иасымҳәаӡеит, хьаак имоуп, даҽа хьаак изацысҵоума ҳәа иԥхьаӡаны. Ашьҭахь иара ахадас даналырх иаҳаит. Иара ииҳәарц ииҭахыз, хьаас имаз уи акәын Аԥсны аибашьра анцоз аамҭазы, иара ихәҭаӡамкәа, зынӡа иуызидымкыло ахҭысқәа ихьыӡ адырҳәалеит, ақырҭцәа ирҭахыз ҟаиҵоушәа ацәажәарақәа цон, убри акәын игәы иалаз. Иара убри нагӡаны, иҟаз ишыҟаз, иахьа уажәраанӡа исымоуп. Иуҳәарц иалшо акьыԥхь ахь иназгеит, иумҳәарц иҟамло ус исымоуп, сархиваҟны. Сергеи Багаԥшьи сареи ҳамаӡақәа еилан ҳәа сҳәар сылшоит", — ҳәа лҳәеит урҭ аамҭақәа лгәаларшәо ажурналист.

Сергеи Багаԥшь критикак аӡәы иизиуамызт, акы иҳәар иҭахызаргьы инықәырԥшәа акәын агхақәа ртәы шиҳәоз, ҳәа азгәалҭоит Екатерина Бебиаԥҳа, ауаҩы иакәым ҟазҵаз егьа длаҟәызаргьы, иара ахааныз иаҳаҭыр лаирҟәомызт. Ацәҳара закәыз издырӡомызт.

"Иара иԥсҭазаара далҵит ҳәа анҳаҳа ашьыжь ҳажәлар дысит. Иҳаҳаит ҳаззыԥшӡамыз ажәабжь. Иара иӷәӷәамҭа данҭагылаз. Аԥсуа хаҵа изы 62 шықәса зынӡа имаҷуп, иҟаиҵашаз шырацәаз абас иаалырҟьаны иԥсҭазаара дахьалҵыз иахьагьы ҵәымыӷны  ҳгәы иалоуп. Ԥшь-шәҟәык рыҟны Сергеи Уасил-иԥа ихьӡала инарҭбаау аочеркқәа сызнуп, аха имаҷуп ҳәа исыԥхьаӡоит абас еиԥш иҟаз аҵеи изыҳәан исҳәахьо ажәа, убри аҟнытә аиқәыршәара саҿуп иара изку ашәҟәы", — ҳәа лҳәеит Екатерина Бебиаԥҳа.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 рзы. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит. 2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын, 2009 шықәсазы — деиҭалхын.

Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса, лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакь, Џьгьарда.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0