Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи асаит аартуп

Асаит еиҿкаауп еиуеиԥшым ахәҭақәа рыла, уаҟа аԥхьаҩ ибар илшоит афотосахьақәа, аҭоурыхтә документқәа, асалам шәҟәқәа уҳәа хыԥхьаӡарала имаҷымкәа Нестор Лакоба иԥсҭазаареи иусуреи ирыдҳәалоу ахыҵхырҭақәа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи асаит аадыртит иахьа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны. Асаит аартра рхы аладырхәит аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа, Нестор Лакоба ижәлантәқәа. Еиқәшәаз рҿаԥхьа дықәгылеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Станислав Лакоба.

Зыԥсҭазаара қәԥараз: Нестор Лакоба диижьҭеи 128 шықәса ҵит

"Зегьы иаадыруеит Нестор Лакоба имузеи аиҭашьақәыргылара азгәаҭан Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи аминистрра абзоурала. Иахьа ҳара иҳаӡбеит раԥхьатәи ашьаҿа аҟаҵара, асаит аартра", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Асаит аиқәыршәаҩ Ахра Смыр иқәгылараҿы иазгәеиҭеит иара изы акыр шаҵанакуа Аԥсны иналукааша аԥыза изку асаит аиқәыршәара.

"Ари раԥхьатәи шьаҿоуп, макьана иҟаҵатәу даараӡа ирацәоуп. Асаит ахьаауртуа иануп ақьаад шкәакәа, уаҟа Нестор Лакоба инапынҵа ануп. Уи Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьақәыргылара аус аҿы ицқьаз ақьаад ала ауп дшалагаз, аԥсуаа ирцәыӡны иҟаз рхақәиҭра рызиргьежьит", — азгәеиҭеит Ахра Смыр.

Асаит аиқәыршәаҩ иҳәеит уи шеиҿкаау еиуеиԥшым ахәҭақәа рыла, убас уаҟа аԥхьаҩ ибар илшоит афотосахьақәа, аҭоурыхтә документқәа, асалам шәҟәқәа уҳәа хыԥхьаӡарала имаҷымкәа Нестор Лакоба иԥсҭазаареи иусуреи ирыдҳәалоу ахыҵхырҭақәа.

Атәыла ахада инапаҵаҟа иҟоу астратегиатә центр ахада, афилософ Олег Дамениа иҳәеит Аԥсны аҭоурых даараӡа ишбеиоу.

1920 шықәса рзы Нестор Лакоба Ҭырқәтәыла иаҭаара

"Уи ҩаԥхьа аиҭашьақәыргылара ҳахдырраҟны аагара, ҳхымҩаԥгашьагьы абри ҳҭоурых азгәаҭаны аиҿкаара хымԥада ус дуны ҳаԥхьа ишьҭоуп. Абри аганахь ала иахьа абраҟа еиҿкаау азы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп", — иҳәеит Дамениа.

Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа агәыӷра аалырԥшит дук хара имгакәа Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аартра алыршахап ҳәа. Асаит аартра зџьабаа аду зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

Нестор Аполлон-иԥа диит лаҵарамза 1 1893 шықәса рзы, аԥсуа нхаҩы иҭаацәараҿы, Гәдоуҭа араион, Лыхны ақыҭан.

1905 шықәса рзы ашкол даналга ашьҭахь Нестор Лакоба дҭалоит Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа. Жәабран 17 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Иара убри аамҭазы ареспублика Аекономикатә хеилак дахылаԥшуан.