1920 шықәса рзы Нестор Лакоба Ҭырқәтәыла иаҭаара

© Foto / Сырма АшәԥҳаҬырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Ардашьан Бганба
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ  Ардашьан Бганба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Ардашьан Бганба дазааҭгылоит 1920 шықәса рзы Нестор Лакоба Ҭырқәтәыла дышцаз атәы. Иара убас Аԥсны аиҳабыра рҿы аус зуаз, иахьа тәанчара иҟоу Лили Дыгәыжь-иԥҳа Бганԥҳа илгәалалыршәоит Бганы Шәлиман Аԥсныҟа данаауаз аамҭа атәы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Еиуеиԥшым аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар, иахьнанагаз атәымџьара ирыԥгылаз ауадаҩрақәа ирзымиааикәа рыԥсҭазаара иалҵит, ахеиқәырхара зылшаз аԥсуаа ирхылҵыз рахьтә иҟоуп ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥснытәи рашьцәеи дареи аигәныҩра зыбжьоу. Егьа аамҭа царгьы еибаԥшаауеит, еигәныҩуеит еицәыӡхьаз аԥсуаа. 

Маамун Маан - Sputnik Аҧсны
Маамун Маан: зегьы ирыцку сыхшареи сареи ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

Ҭырқәтәыла, Малан ақыҭа, Бганы Шәлиман иқыҭа. Шаҟа ҭоурых амоузеи ари ашҭа? 1914 шықәса рзы Шәлиман Бганба Аԥсны даҭааит. Иара абраҟа еибабеит Нестор Лакобеи иареи. Урҭ реибабараҿы зҵаара хадас ишьҭыхын уаҵәтәи Аԥсны алахьынҵа, аԥеиԥш, Ҭырқәтәыла иқәнагалаз аԥсуаа ахҵәацәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра. 1920 шықәса рзы Нестор Лакоба иҩыза Гобечиа диманы, еицны Бганы Шәлиман диҭаауеит Ҭырқәтәыла. 

Қобашь иԥҳа заҵәи быжьҩы иԥацәеи иашьеи иареи, 1878 шықәсазы егьырҭ ахҵәацәа ирыцны Ҭыркәтәылаҟа иӡхыҵит. Аҭоурых ашьҭа дазхьаԥшуеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Ардашьан Бганба.

"Бганы Шәлиман ҳаешьараҿы аҭыԥ ӷәӷәа ааникылоит. Ара аҩнеихагыла дуқәа ҟарҵар иҭахымхаӡеит аԥсуаа. Ари уазхәыцыр аҵакы даара иҵаулоуп. Абыца шышны иҟарҵо аԥацхақәа дыргылон. Рхы-ргәы иҭаз Аԥсныҟа ахынҳәра акәын. Амал арҳара иалагар, Ҭырқәтәыла иаанхар ҳәа дшәон.

Актәи аибашьра ду ианалага, Шәлиман Аԥсныҟа дцеит. Усҟан ргәы иҭаз, Аԥсны аԥхьагылацәа зегьы еибабаны, еицәажәаны, еиҿырцааны, Аԥсны ахақәиҭтәра аиура акәын, абрантә аԥсуа жәлар шьҭахьҟа рыхынҳәра иадҳәалаз азҵаарақәа рыӡбара. Хышықәса убра даанхеит Шәлиман.

Еқрем Хышба - Sputnik Аҧсны
Еқрем Хышба: Анцәа иџьысшьоит саԥсыуаны сахьишаз

Нестор Лакоба иакәзар, ҩымз-хымз инаӡо Ҭырқәтәыла, Бганаа ргәараҭаҿы дыҟан. Аԥсуаа ахьынхоз ақыҭақәа рҟынтә гәыԥ-гәыԥла, Нестор дырбаразы иаауан, излацәажәозгьы ахынҳәра аус акәын. Ус, Лакоба Ҭырқәтәыла дшыҟаз, Аԥсны Асовет мчра шьақәгылеит.

Лакоба ари аҩыза ажәабжь аниаҳа, иҩыза Гобечиеи иареи Аԥсныҟа ихынҳәит. Дук хара имгакәа, Гобечиа ақырҭқәа дҭадырхеит. Усҟантәи аамҭазы, Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьагьы цәгьа иуадаҩын. Бганы Шәлиман иҭаацәа рызегьы иманы Аԥсныҟа даарц аӷба дақәтәарц игәы ишҭаз, аԥсуаа еизан ус иарҳәеит: "Абааԥс, ԥызак дҳамазарц ҳҭахуп, уааԥшы, нас ҳазегьы ҳаиццап", — ҳәа иашьапкуа иалагеит. Абасала ара даанхеит Шәлиман Бганба. 

Аԥсуа егьа дыҟазаргьы иԥашә дзеихаҳаӡом рҳәоит. Шәԥашә дырны шәыҟаз, аӡыхь ду аԥашә шәымоуп. Шәыҽгәашәҭа, аԥхьагылара даара аус ду аҭахуп. Ҳабацәа Аԥсны иқәҵыз аахижьҭеи, аҭоурых змырӡуа ауаа ҳамоуп. Иҟаҳҵаз ҳусқәа роуп ахааназы имԥсуа иаанхо, ҳәа ҳзеиӷьеишьеит Ардашьан.

© Фото : Ардашьан Бганба иархив аҟынтәШәлиман Бганба иҩнаҭа
Шәлиман Бганба иҩнаҭа - Sputnik Аҧсны
Шәлиман Бганба иҩнаҭа

Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа иааз Бганааи лареи реиԥылара лгәалалыршәоит, акыр шықәса Аԥсны аиҳабыра рҿы аус зуаз, иахьа тәанчара иҟоу Лили Дыгәыжь-иԥҳа Бганба.

"Уажәшьҭа схәыҷым саргьы, аха 20013 шықәса рзы изгәаӷьит Ҭырқәтәыла сашьцәа ахьынхо рҭаара. Даара сгәы иахәеит сашьцәа рахь сахьцаз, сгәы дууп дара ргәаҳәара ахьынасыгӡаз, уаҟа имҩаԥысуаз Бганаа реизара схы аласырхәырц рҭаххеит.

Ҭоурыхла Џьгьарда ақыҭа иалҵыз Сеиҳан Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сеиҳан Ашәԥҳа: Аԥсныдгьыл ааныжьны, сҽамыкәкәааны, сызлацарызеи

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡагьы аимадара ҳабжьан Ҭырқәтәыла инхоз ҳашьцәеи ҳареи. Сашьеи сареи аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аус анаҳуаз, ишаҳҭахыз еиԥш иаҳбартә азин ҳарҭомызт. Исгәалашәоит Чингиз Бганба, Рауф Бганба, Орҳан Шамба уҳәа ҳџьынџьуаа еицны Аԥсныҟа ианаа, сашьеи сареи ҳрықәшәар рымурц иалагеит аиҳабыра. "Аԥсны аиҳабыраҿы аус жәуеит, уа ус шәымам", — рҳәеит.

Даргьы даара гәырҩас иҟарҵеит ҳарбартә еиԥш аҭагылазаашьа ахьыҟамыз. Усҟантәи аиҳабыра иҟаз срыҳәеит: "Иҟалозар азин ҳашәҭ, ҳашьцәа рлакҭа ҳҭаԥшыртә еиԥш, аҳәынҭқарраҿы аус аауеит, иԥхаҳшьоит имбакәа шьҭахьҟа ианца, иахьнеиуагьы ирарҳәоузеи?", — ҳәа аӷьаҵәыӷьаҵәра салагеит.

Нас, азин ҳарҭеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы ҳаиқәшәартә еиԥш. Урҭ амшқәа сара сыԥсы ҭанаҵы исхамшҭуа мшқәоуп. Убра даҳбеит зықәрахь инеихьаз Рауф Бганба, иара убасҟан ауп раԥхьаӡа акәны данызбаз Ченгизгьы. Даара аус азиуит Чингиз Бганба аҳәаанырцә инхо аԥсуааи ҳареи ҳаибабара.

Ҳгәырӷьара ҳәаак амамызт, Рауфи сашьеи ԥшра-сахьала убас еиԥшын, уамашәа иаҳбаратәы. Даргьы даара иџьаршьеит сашьа данырба, избанзар дара дырхылҵызшәа дрыҷкәынызшәа убас дреиԥшын. Убри нахыс еиҳагьы агәыбылра ҳкит. 

Наиме Барцыц - Sputnik Аҧсны
Наиме Барцыцԥҳа: сылақәа ирбаз ала, сгәы раҳаҭӡа сыҟоуп

Сара сашьеиҳабы излаиҳәо ала, ажәытәан ԥшьҩык аишьцәа ыҟан Бганаа. Рызегьы хҵәаны Ҭырқәтәылаҟа ицар акәхеит. Иахьынхоз ҳәа иаҳдыруаз уажәтәи Урыстәыла, Адлер аҵыхәахь акәын. Ианықәҵуаз зегьы еицықәҵит, аха хҩык аишьцәа уа иаанымгылакәа арахь ихынҳәит, аӡәы Ҭырқәтәыла дынхеит.

Убри инхаз ихылҵқәаз роуп Ҭырқәтәыла иҟоу. Сара санду илҳәо саҳахьан, 1935 шықәсанӡа Бганы Шәлиман даҳзаауан Аԥсныҟа ҳәа. Убри аешьара ирхылҵыз иакәын, ҳаибарацы даауан, даагылон. Аҵыхәтәан данаа, аҳәынҭқараа даҳкуеит ҳәа ишьҭалеит. Ус еиԥш аҭагылазаашьа аныҟала, Арасаӡыхьҟа дцеит.

Хәыхәыт Бганба иаб иҿы дыҟан. Зафас ҳәа еиҳаб бзиак дҳаман, уа дынхон. Анаҩс, дыбжьганы, дрымкыкәа ддәықәырҵеит Ҭырқәтәылаҟа. 1935-36-тәи ашықәсқәа цәгьахо ианалага, аиҭанаиааирақәа уадаҩхо иҟалеит. 60-тәи ашықәсқәа рынахыс, ҳаԥсуаа рыҷкәынцәа иаадыртыз амҩала, аибабара ҳабжьало ҳалагеит". 

Ажәабжьқәа зегьы
0