Sputnik
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба иусԥҟала, лыԥсадгьыл аҿаԥхьа иналыгӡаз луалԥшьазы, Иешьым Аҭрышԥҳа иланашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Агәымшәараз амедал".
- Иешьым, бара Аԥсны ашәарҭара ианҭагылаз, амца шыра ианалагылаз аамҭазы быԥсадгьыл ахь бааит. Ибгәалабыршәарц сҭахуп урҭ амшқәа. Бышԥанылеи быԥсадгьыл ахь иаагаз амҩа?
— Аибашьра ианалагаз сара 22 шықәса схыҵуан. Иаразнак аԥсуаа ҳкультуратә хеидкылаҿы ҳаизеит. Аԥсны имҩаԥысуаз аҭагылазаашьа уадаҩ ҳалацәажәон. Арԥарцәа Аԥсныҟа излаара амҩа иашьҭалеит. Раԥхьатәи агәыԥ рҽеидкыланы амҩа иқәлеит. Сашьеиҳаб Иаузи, саб иашьа иԥа Муҳаремми Аԥсныҟа иааит, иҳамаз аԥара-ашьара еизганы ираҳҭеит. Саргьы исҭахын урҭ арахь ианаауаз срыцаар, аха иҳамаз аԥара ҳазхаӡомызт. Урҭ цар еиҳа ихәарҭахап, абџьар ркып ҳәа ԥхьаӡаны, сара сҽааныскылеит. Урҭ рнаҩс, Кавказ Аҭрышба дааит. Ииаашаҵәҟьаны, сани саби Аԥсныҟа сцар рҭахымхаӡеит. Еилкаауп нас, аибашьра ахьцо ахшара рдәықәҵара шаҟа агәырҩа ацу. Аԥсны аӡбахә ҳаҳауан, иаҳдыруан, аха лабҿаба иҳамбацызт. Ҩымз-хымз ааҵуаны, исымаз схьымаҭәақәа ҭины, ԥарақәак еизызгеит. Анаҩс, сыбналаны Аԥсныҟа сааит.
- Аԥхәызба лзы иуадаҩуп ас еиԥш агәаӷьра аарԥшра, уи аҩыза зылшо, хымԥада дфырԥҳәызбоуп. Башьцәа ишԥарыдыркылеи арахь баара?
— Муҳаремми, Иаузи, Кавкази ирдыруан сшауааз. Сара схәыҷаахыс Аԥсназы даара сгәы былуан. Сашьцәа ирдыруан ҭынч Ҭырқәтәыла сшаанымгылоз. Аҳәааҿы исԥылеит дара. Маӡала ҳаиасит арахь. Сонер Гогәуа иԥшәмаԥхәыс лпаспорт ала сааргеит. Сара схаԥыц сыхьуазшәа, ичны иҟазшәа ҟаҵаны, сзымцәажәаӡо ахьаа сымазшәа дырбаны, игәазҭоз анааи, акы иансазҵаа, аҭак сзыҟамҵозшәа схы сырҵасит. Абас, маӡала аҳәаа сахысит. Сашьцәа, Гагра, дара ахьынхоз аҭыԥ ахь сыргеит. Шамиль ибаталион иалахәын. Уашьа иааигәа уаныҟоу аамҭазы, ихы дахәамԥшкәа, уара уихьчарц далагоит. Аибашьра ахьцоз аҭыԥқәа рахь, сгара рҭахымхаӡеит. Саргьы еилыскаауан уи зызҳәаз. Аха, даара исҭахын срыцны сцар. Уи алымҵуазшәа анызба, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь сцеит. Исылшоз ала, шықәсык аус зуан. Исзымдыруаз сҵеит, даара исцәыцәгьан раԥхьа. Аибашьцәа хәны ианаарга, ианызба, сыԥсы маҷхо аҟынӡа снеиуан. Уаанӡа ари аҩыза сымбацызт, исыздыруамызт, сзанааҭ акәмызт. Ииашаны, ашьҭахь схы сабжьеит: "Ешьым, бымшәароуп, быҽбырӷәӷәароуп, агәаӷьра аабырԥшыроуп" ҳәа. Нас, ус сашьцылеит. Даара иуадаҩын аҭагылазаашьа. Зегь сыбла ихгылоушәа збоит абыржәы.
- Ирацәоуп хымԥада аибашьратә хҭысқәа, бхәыцраҿы аҭыԥ аанызкыло. Убарҭ рахьтә еиҳа бгәалашәараҿы инхеи ҳәа ҳбазҵаар, аҭакс иҳабҭарц былшои?
— Сара сзы раԥхьатәи хҭыс дуны иҟалеит, Ефқан Цыба аибашьраҿы иҭахара. Ҳхәыҷаахыс ҳаиҩызцәан. Ари ажәабжь хлымӡаах ансаҳа, Ҭырқәтәыла сыҟан. Аиҭаҳәара сылшаӡом, саҭашәымҵан… Аԥсныҟа санаа, ахәышәтәырҭаҿы аусура саналага, еснагь избон угәы ҭызшьаауаз ахҭысқәа. Ҳаибашьцәа рнапқәа, ршьапқәа хҵәаны аԥсҭазаара иазықәԥон. Иҟан зынӡа иқәыԥшқәазгьы. Уи ахааназы исхамшҭуа хҭысқәоуп. Аха, зегь реиҳа исхамшҭуа ак шәзеиҭасҳәарц сҭахуп. Исгәалашәоит, Беслан захьӡыз ҷкәынак, Шромантәи дыхәны ҵхыбжьон дааргеит. Данааргаҵәҟьаз дсымбаӡеит. Аха, аӡә иҵәаабжь саанарԥшит: "Иаауеит, иаауеит" ҳәа. Иҟалаз сзеилымкааит, сыҩны сҿынасхеит ашьҭыбжь ахьгоз. Ауада сныҩнашылазар, ахьышәҭҳәа ишилымшозгьы дҩаҵҟьеит. Дахьыҟаз ҽеила изеилыргомызт, деибашьуазшәа изааиуан. Аха, имчқәа иххәыцуамызт, дынхьыдышьшьны дкаҳаит. Саҭамыз, сылаӷырӡқәа исдырҳәом… Иара издыруамызт, изеилкаауамызт инапқәеи, ишьапқәеи шамамыз. Нас, иан днаилаҵәан лнапқәа икәлыршеит, дышьҭылхырц далагеит. Саргьы, изулак схы снапаҿы иааган, зыҷкәын дышьҭызхырц игәаҟуаз ан слыцхраарц салагеит. Иаҳаулак аиарҭа днылаҳҵеит. Ихы-иҿы ҳәа акагь убомызт, дбылны, дҷыҷны дыҟан. "Умшәан сыҷкәын, уааигәа сыҟоуп, уҽырӷәӷәа", — ҳәа мчыла лыбжьы ҭкаауа, лыҷкәын диацәажәон ан рыцҳа. "Аӡы, аӡы сҭахуп", ҳәа дӷьаҵәыӷьаҵәуан иара. Аха, аӡы ижәыхуа дыҟазма, иқьышәқәа былны иҟан. Нас, еиҳа имарианы излаижәша ак сыԥшаан, иҟаҳҵалакгьы цәыкәбарқәак иҳаржәит. Ус, ихшыҩ еимҟьазар акәхап, даалҟьан "Бара бызустада?" ҳәа дсазҵааит. Сара исҳәара сҿамшәеит. Иан, "Ари Ҭырқәтәылантәи дааит, уаҳәшьа лоуп, шәара дшәыцхрааразы дааит", — ҳәа наиаҭалкит. Сара сгәы иазымычҳаит, сҵәыуо сдәылҵит ауада. Уинахыс уаҳа дагьымцәажәеит, исмаҳаӡеит ибжьы.
- Иешьым, зыӡбахә бымоу арԥыс, иԥсы ҭахама?
— Ааи, иԥсы ҭахеит. Аха иҟалаз, ихьыз анеиликаа, ихдырра анааи, зынӡа дымцәажәо далагеит.
- Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа еибашьра иааз арԥарцәа инарҷыданы иааит аҭыԥҳацәагьы. Убарҭгьы рҭаацәа ирцәыбналаны, ирымаз-ирыхӡыз ҭины, агәаӷьра аарԥшны иааит. Урҭ аҭыԥҳацәеи бареи шәеибадыруазма?
— Ааи, ҳаибадыруан. Урҭ арахь ианаауаз, ашәҟәы ҩны иаанрыжьит Ҭырқәтәыла. Аԥсны аибашьра ишалагаз, амилаҭ маҷ ирхараӡамкәа ишындырҵәо, рашьцәа ирывагыларц Аԥсныҟа ишцо. Дара рхымҩаԥгара иабзоураны, Ҭырқәтәыла ахы-аҵыхәа иалаҵәеит Аԥсны аибашьра ишалагаз. Ателехәаԥшрақәа рыла иддырбон, акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа ирнырҵон. Аԥсныҟа еицааз аҭыԥҳацәа иреиуоуп: Ашьхарааԥҳа Елиф, Ашәԥҳа Ааишьаагиуль, Жьиаа аиҳәшьцәа Фигени Зелиҳаи. Мызқәак ара иҟан. Нас, ишырҭахымыз шьҭахьҟа ихынҳәыр акәхеит. Ҭырқәтәыла ианнеи ҳаибабеит, ҳаицәажәеит. Урҭ раамышьҭахь, сара сааит Аԥсныҟа. Дареи сареи еиҳәшьцәаҵас ҳаибабоит иахьа уажәраанӡагь.
- Иешьым, башьеи бареи аибашьра анцоз аамҭазы шәыԥсадгьыл аҿаԥхьа ишәыдыз шәуалԥшьа нашәыгӡеит. Егьа ус акәзаргьы, шәара шәхымҩаԥгара шәҭаацәа ишԥарыдыркылеи, ишԥеилыркааи Аԥсны шәшыҟаз?
— Даараӡа ишәеит. Аибашьра иалагеит ҳәа анҳаҳа Аԥсны, иаразнак ҳазлаара ҳашьҭалеит. Аибашьра ажәала иҳаҳахьан ҳәа, иаанагоз иаҳдыруааз? Сара саб иԥсҭазаараҿы ҩынтә избеит данҵәыуоз. Знык, иҩыза гәакьа иҷкәын даныԥсы илаӷырӡқәа ааит. Аҩынтә раан, сашьа Иауз, Аԥсныҟа еибашьра данаауаз, убасҟангьы дҵәыуон. Ҳҭаацәа ирыздыруамызт иҟалоз, иҳахьуаз. Аибашьра амца шыра ҳаибганы ҳалҵуазу, ҳзалымҵуазу. Аха, ирдыруан иаҳҳәаз ҳшацәхьамҵуаз. "Шәца шәыԥсадгьыл ахь, шәхы ишахәҭоу еиԥш иныҟәыжәга, аԥсыуак излаиаҭәоу ала шәныҟәа. Шәыхгьы, шәҭаацәагьы шәмырԥхашьан, абааԥсы!", ҳәа дҳабжьон ҳаб.
Аибашьра иааз сашьцәагьы, сҩызцәагьы ибзианы еилыркаауан иҭахаргьы шалшоз. Аха, аԥсадгьыл хьчатәын. Ҳара Ҭырқәтәыла ҳизаргьы, ҳхәыҷы аахыс иаҳдыруеит ҳшаԥсацәоу, аԥсадгьыл шҳамоу. Уи аӡбахә шҳаҳауаз иҳазҳаит. Ҳара ҳкультура, ҳҵас, ҳқьабз ала ҳхы ныҟәаҳгоит. Раԥхьаӡа Аԥсны ҳанааигьы, сасцәаҵас ҳхы ҳмыԥхьаӡаӡеит. Еибашьтәызар ҳаибашьыр акәын, иҳалшоз ала ҳхы мҩаԥаҳгар акәын. Ара сара сыҩноуп, ара сара сыԥсадгьыл ауп, ара сара сҭыԥ ауп. Ҭырқәтәылантәи иааны еибашьуаз ҳҩызцәа иҭахақәаз ыҟоуп. Сара урҭ рҭаацәа, рыхшара рыԥсадгьыл ахьчара рхы ахьақәырҵаз ишазыразу здыруеит. Аԥсадгьыл — ари ажәа ԥшьоуп ҳара ҳзы. Шаҟаҩы рыԥсҭазаара Аиааира иахҭнырҵазеи? Аха, иахьа ҳҭынчны ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит. Еилаҳкааит, имарианы аҭынчра шаҳзымааз. Сара исҭахыуп сара сыҷкәын иԥсадгьыл аҿы дынхарц. "Аибашьра анцоз ара быҟан, уажәы ара быҟаӡам", ҳәа ихәыцуа ыҟазаргь ҟалап. Сыҷкәын ара шықәсык аҵара иҵеит. Уажәы Англиа ҳаҟоуп. Уа иреиҳау аҵараиурҭа дҭоуп. Иара идыруеит, иҵара шыхиркәшаз, Аԥсныҟа даар шакәу. Ихәыцрақәагь арахь икыдуп. Сара хаҭала снышәнап Аԥсны иҟалар сҭахуп.
Сара сыҷкәын 1991 шықәса рзы диит. Ԥшымз ракәын ихыҵуаз, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ҭырқәтәылаҟа данааз. Аҳаиртә баӷәазахь ҳцеит ҳаиԥыларц азы. Сыҷкәын, Абрыскьыл Џьуџьу, аԥсыуа маҭәала деилаҳәаны ҳаиԥылеит. Владислав Арӡынба даниба, даара иџьеишьеит, диеигәырӷьеит. Дигәыдыҳәҳәала дыкны, афотосахьақәа ҭырхит. Ашьҭахь, иара аус ахьиуаз иуадаҿы иқәыргылан иман уи афотосахьа. Инеиуаз зегьы идирбон, дазгәыдуун даараӡа. "Ижәбома, атәым тәылаҿы инхо ҳдиаспора рхәыҷқәа шырааӡо", ҳәа. Аа-шықәса анихыҵуаз, Аԥсныҟа иааит иаби иареи. Араҟа аԥсуа школ дҭан. Уажәшьҭа ддухеит. Аԥхынра ааигәахо ианалагалак, Аԥсныҟа ҳанбацои ҳәа сыхҭеикуеит, бзиа ибоит даараӡа. Есышықәса ҳаауеит арахь.
- Иешьым, бара бхымҩаԥгарала ҳара иаҳбарҭоуп шаҟа иӷәӷәоу быԥсадгьыл ахь ибымоу агәыбылра. Изакузеи бара бзы аҭоурыхтә ԥсадгьыл?
— Сара сыҩнаҭа аԥсыуа ҭаацәаран. Сангьы, сабгьы аԥсышәала ицәажәон. Ҳтәашьа, ҳгылашьа, ҳхымҩаԥгашьа, зегьы аԥсуа цәа рыҟәнын. Сандуи, сабдуи еснагь Аԥсны аӡбахә рҿыҵакын. Санду 95 шықәса лхыҵуан, лыхдырра бзиан. Лара Уанаҿаԥҳан, Аҭрышаа дырҭацан. Лара еиҭалҳәон, лаб Аԥснынтә ихҵәақәаз дышреиуаз. Аҭрышаа, Шәача аган ишынхоз. Аҭоурых ду еиҭалҳәон, аха иҳазыгәнымкылеит ҽеила, ҳхәыҷқәамзи, хырҩа аҳҭомызт. Уажәы цәгьа ихьаазгоит урҭқәа. Сара 22 шықәса Ҭырқәтәыла сынхон, аҭырқәцәа аҩызцәа сымаӡамызт, аӡәык-ҩыџьак рыда. Сҩызцәа зегьы аԥсацәан. Лассы-лассы хаиқәшәон, ҳаицәажәон, ҳаԥсуара ахьаҳмырӡша ҳашьҭан.
- Иешьым, Англиа, аԥсуаа шәмаҷзаргьы, шәеибабашьа шԥаҟоу, шәеидызкыло усбарҭа ҳәа акыр еиҿкааны ишәымоума?
— Хәажәкырамза 2015 шықәса рзы, Лондон иаԥҵан аԥсуа-дыга жәлар ркультуратә хеидкыларҭа. Еиҳабыс далхын Аҭакан-Мерџьан Чкотуа. Уа инхо аԥсуаа, излаҳалшо ала ҳҽеидаҳкылоит, ҳаибабоит, ҳмилаҭтә культура аӡыргара ҳашьҭоуп. Ҳаԥсуара, ҳҭоурых, ҳаԥсадгьыл иазкны имҩаԥаҳго ҳусқәа зегьы рҿы, ҳахьцалак иҳацуп ҳаԥсуа бираҟ! Уажәы ари ахеидкыла сара напхгара асҭоит.
- Иешьым, аԥҳәыс лҟазшьа ҷыдарақәа рахьтә бара еиҳа иалыбкаауеи? Иарбан ҟазшьоу аԥҳәыс лҿы бара еиҳа пату зқәыбҵоу?
— Аԥсуа ԥҳәыс лџьабаа еснагь иӷәӷәоуп. Ахәыҷқәа лааӡоит, аҭаацәа ишрыхәҭоу еиԥш иныҟәылгоит, аҩнтәи аусқәа лнапы иҵылхуеит. Ианаҭахха аамҭазгьы агәаӷьра, ачҳара аалырԥшуеит. Аибашьраҿы акәзар, ахацәа реиԥш бџьаршьҭыхла лыԥсадгьыл ахьчара лылшоит. Ҿырԥшыс даазгар сылшоит, иахьа зыԥсҭазаара иалҵхьоу сҩыза, Аԥсны еибашьуаз доуҳалеи, гәамчлеи акырӡа иӷәӷәаз, Бергиуль Чуаз. Ирацәаҩуп ус зыӡбахә уҳәаша аԥсуа ҳәсақәа. Ианаҭаху аамҭазы аԥҳәыс дҟәымшәышәуп, ианаҭахха аамҭазгьы дыџьбароуп. Аԥсуа ԥҳәыс илылымшо акгьы ыҟаӡам. Адунеи аҿы зегь реиҳа иӷәӷәоу ԥҳәысуп. Ус иҟоуп сара сгәаанагара.