Урыстәылатәи аицџьынџьуаа жәларбжьаратәи рфорум мҩаԥысуан Москва, хәажәкыра 3-5 рзы. Аԥснынтәи иара иалахәын Закан Нанба, Руслан Ҳашыг, Наталиа Каиун.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Руслан Ҳашыг афорум "Вместе с Россией" иазкны
© Sputnik
"Раԥхьаӡа иргыланы иҳәатәуп ааигәа Урыстәыла ажурналистцәа реизара ду аҟны аиҳабыс дшалхыз Владимир Соловиов, уи иахылҿиааит ҳаргьы ҳаиқәшәара. Иаргьы саргьы ҳаибадыруеижьҭеи акырӡа ҵуеит. Игәы иҭоу апроектқәа, еицаҟаҳҵаша аусқәа ҳрылацәажәеит", – иҳәеит Ҳашыг.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.