Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг: Урыстәыла ажурналистцәа реидгалеи ҳареи ҳагәҭакқәа рацәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Хашиг
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ажурналистцәа реидгыла ахада Владимир Соловиови сареи ҳаиқәшәеит Жәларбжьаратәи афорум "Вместе с Россией" аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

Урыстәылатәи аицџьынџьуаа жәларбжьаратәи рфорум мҩаԥысуан Москва, хәажәкыра 3-5 рзы. Аԥснынтәи иара иалахәын Закан Нанба, Руслан Ҳашыг, Наталиа Каиун.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Руслан Ҳашыг афорум "Вместе с Россией" иазкны

"Раԥхьаӡа иргыланы иҳәатәуп ааигәа Урыстәыла ажурналистцәа реизара ду аҟны аиҳабыс дшалхыз Владимир Соловиов, уи иахылҿиааит ҳаргьы ҳаиқәшәара.  Иаргьы саргьы ҳаибадыруеижьҭеи акырӡа ҵуеит. Игәы иҭоу апроектқәа, еицаҟаҳҵаша аусқәа ҳрылацәажәеит", – иҳәеит Ҳашыг.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0