Марина Гәниаԥҳа: ачаҳаржә аҟаҵара абысҭа аура иаҩызоуп

Аамҭа рацәаны ишаҭахыугьы Марина Гәниаԥҳа ҟазарала ачаҳаржәқәа ҟалҵоит, лара зныкала 600 цыра злыҵуа ачаҳаржә азы амажәа лкәаҳауеит.
Sputnik

Sputnik

Имариам усуп амажәа акәаҳара, унапаҿы аагара. Ирацәаҩуп аԥсуа ҳәсақәа есыҽны амажәа зкуа, еиуеиԥшым афатә хкқәа алызхуа. Аԥсуаа рмилаҭтә чыс хкқәа амажәа иалху иреиоуоуп: амгьал, ачашә, ачаџьқәа. Зегь реиҳа аџьабаа змоу ҳәа иԥхьаӡоуп ачаҳаржә. 

Афотоҭыхымҭақәа шәрыхәаԥшар ҟалоит абра>>

Марина Гәниаԥҳа амажәа аҟаҵара бзиа ибаны лнапы алакуп, лара зныкала 600 цыра злыҵуа ачаҳаржә азы амажәа лкәаҳауеит. Лара лажәақәа рыла, ачаҳаржә хааӡа аҟаҵаразы амажәа аҟаҵашьа уақәшәароуп ҳәа.

"Амажәа азы иаҭаху амарҭхәқәа рацәаӡам, сара еибысҭоит блала. Схәычра аахыс бзиа избоит амажәа аус адулара, акәаҳара. Ачаҳаржәқәа рзы амажәа итыруа иҟазар ауп, насгьы ибзианы еилакәаҳатәуп", —  ҳәа еиҭалҳәоит Марина Гәниаԥҳа. 

Ҳтыхратә гәыԥ Марина Гәниаԥҳа ианылҭаа, лара уи аамҭазы ачаҳаржә аҟаҵаразы амажәа аибыҭара даҿын.

"Ишысҳәахьо еиԥш  амарҭҳәқәа блала еибысҭоит. Ачашыла напык, ашә хәыҷык ҳәа афатәҟаҵаҩцәа изыҟарҵо еиԥш маҷк иуадаҩуп сара сзын. Ачашыла алыхәҭа инкылганы, асаан ианысыԥсылоит, иасҭоит аџьыкхыша, кәтаӷь цырак, аӡы ҟәанда налаҭәаны акәаҳара салагоит", — ҳәа еиҭалҳәоит Гуниаԥҳа.

Амажәа акәаҳара — абысҭа аура иаҩызоуп, ҳәа лхәоит Марина Гәниаԥҳа.

"Амажәа акәаҳара саналагалак снапала издыруеит шаҟа аамҭа аҭаху аилырхра. Аԥсуаа ирымҳәоит шаҟа абысҭа бзианы еилурхуа аҟара, убысҟак ихаахоит ҳәа, убас ауп ачаҳаржә азы амажәагьы шыҟоу. Ачаҳаржә азыҳәангьы мацара акәым. Амажәа бзиа иабоит ибзианы аилырхра, ус ирҳәоит аҳауа бзиа иабоит амажәа ҳәа. Итыруа иҟоу амажәа афатә хкызаалакгьы иалыухуа ихаахоит, иагәылӡаауеит, ижәоит ибзиаӡаны", — ҳәа азгәалҭеит лара.

Аԥшәмаԥҳәыс лнапкымҭа зырԥшӡо: асыӡбал ҟаԥшь Сулико Кәарҷелиа-Нанба лҟынтә

Амажәа аиҵыхра ианызыхиоу унапала иудыруеит, маӡас ҳәагьы иамоу уи ауп лҳәоит лара.

"Амажәа акәаҳара бзиа иубароуп, ус ианыҟамла "аилыибакаара" уоуӡом. Амажәа аныскәаҳалагь анаҩс, х-сааҭк инаскьаганы иқәсыргылоит. Амажәа аамҭа аҭатәуп, ианыҟалалакгьы ибықьӡа ичуеит, асахьала иудыруеит аиҵыхра ишазыхио", — ҳәа еиҭалҳәоит амаӡақәа лара.

Ачаҳаржә егьырҭ амилаҭқәагьы иҟарҵоит, иагәыларҵоит ахаҷа, арыц, аԥсуаа ракәзар иагәыларҵоит еиҳарак ашә рҟәыҷны. 

"Амажәа аилалырара иахьынӡаҿу, сара ачаҳаржә иагәылысҵо ашә сырхиоит. Ашәаӡа акәзар уи афҩы, агьам ҷыда амамзар ауп, егьа амажәа хааны иҟауҵаргьы ашә аныхаамха агьама аҽеиҭанакуеит. Иара убас, ашә иасҭоит аџьыкхыш, аҵыбра. Аҵыбра змоу ачаҳаржә агьама акала иҟоуп, еиҳараҩык ус ауп бзиа ишырбогьы", — ҳәа лҳәоит Гәниаԥҳа.

Ачаҳаржә азы амажәа иахьынӡеиҵыхтәу  унацәкьарақәа рыла иудыруеит, иҵаӷаны иҟалар ианыжәуа иԥжәоит, ҳәа лҳәоит Марина Гәниаԥҳа.

"Амажәа иахьынӡеиҵыхтәу издыруеит снацәкьарақәа рыла. Ачаҳаржә бжьаратәны иҟаларц азы аҵәца ала иԥҟатәуп. Иԥҟаны ишықәысҵалак еиԥш ашә агәылаҵаны исҷабоит снацәкьарақәа рыла, ианжәуа акгьы амыхьырц азы, исырԥшоӡит ахықә. Ачаҳаржә ржәуеит, иҟоуп ацхеи ахырҵәи надкыланы, мамзаргьы аџьыка ахьшьны изфо ауаа", — ҳәа лҳәоит лара.

Абасала, аамҭа рацәаны ишаҭахыугьы Марина Гәниаԥҳа ҟазарыла ачаҳаржәқәа ҟалҵоит. Ачаҳаржә есыҽны ирчысхәӡам аԥсуаа, еиҳарак иара ҟарҵоит аныҳәарақәа раан, ҳәа ацылҵеит лара.