Имариам усуп амажәа акәаҳара, унапаҿы аагара. Ирацәаҩуп аԥсуа ҳәсақәа есыҽны амажәа зкуа, еиуеиԥшым афатә хкқәа алызхуа. Аԥсуаа рмилаҭтә чыс хкқәа амажәа иалху иреиоуоуп: амгьал, ачашә, ачаџьқәа. Зегь реиҳа аџьабаа змоу ҳәа иԥхьаӡоуп ачаҳаржә.
Ажәабжь инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>
Марина Гәниаԥҳа, амажәа аҟаҵара бзиа ибаны лнапы алакуп, лара зныкала 600 цыра злыҵуа ачаҳаржә азы амажәа лкәаҳауеит. Лара лажәақәа рыла, ачаҳаржә хааӡа аҟаҵаразы амажәа аҟаҵашьа уақәшәароуп ҳәа. Амажәа азы иаҭаху амарҭхәқәа рацәаӡам: ачашыла, аџьыкхыш, аӡы, акәтаӷь.
"Ачаҳаржә ржәуеит, иҟоуп ацхеи ахырҵәи надкыланы, мамзаргьы аџьыка ахьшьны изфо ауаа", — ҳәа лҳәоит Марина Гәниаԥҳа.
Абасала, аамҭа рацәаны ишаҭахыугьы Марина Гәниаԥҳа ҟазарыла ачаҳаржәқәа ҟалҵоит. Ачаҳаржә есыҽны ирчысхәӡам аԥсуаа, еиҳарак иара ҟарҵоит аныҳәарақәа раан.