АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik. Жәларбжьаратәи амузыкатә профессионалтә премиа BraVo алауреатцәа аԥхьахәқәа рыҭаар мҩаԥысит Москва, Атеатр ду аҟны, хәажәкыра 11 рзы. Аноминациа "Иреиӷьу аклассикатә ԥҳәыстә вокал" аԥхьахә ланашьахеит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Аноминациа "Иреиӷьу аклассикатә оператә вокал" аԥхьахә ианашьахеит Мариинтәи атеатр асолист Ильдар Абдразаков.
BraVo алауреатцәа иреиуоуп — асопрано Анна Нетребко, адирижер Теодор Курентзис, аоператә шәаҳәаҩы Дмитри Хворостовски.
2018 шықәсазтәи аԥхьахә азкын аоператә шәаҳәаҩы Дмитри Хворостовски игәалашәара.
Аноминациа "Иреиӷьу ашықәс аклассикатә альбом" ианашьан Хворостовски (иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь) апластинка "Верди. Риголетто" азы. Аԥхьахә рнапы иадыркит Хворостовски иҭаацәа: Лиудмила Петр-иԥҳаи Александр Степан-иԥеи.
Ашықәс аартра ҳәа иԥхьаӡан апроект "Аҵыс иаҵәа". Аноминациа "Иреиӷьу аклассикатә композициа иахьатәи анагӡарала" аԥхьахә ианашьан апианиноарҳәаҩы Даниил Трифонов альбом "Chopin evocations" азы.
Атеатр ду априма-балерина Светлана Захарова аԥхьахә лыҭан аноминациа "Иреиӷьу абалет" азы. Иара лнапаҿы илиҭеит франциатәи актиор Венсан Кассель.
Кассель BraVo аԥхьахә абалерина Захарова илыҭо иазгәеиҭеит BraVo аԥхьахә ишеиднакыло амузыка еиуеиԥшым ахырхарҭақәеи ажанрқәеи.
BraVo аверсиала адунеи ашәаҳәаратә еҵәа ҳәа дыԥхьаӡоуп асопрано Анна Нетребко.
Пермтәи аопереи абалети ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы Теодор Курентзис ианашьан аԥхьахәқәа ҩба: "Ашықәс аоркестр", "Ашықәс адирижиор". Аԥхьахәқәа инапы иаиркит арок-шәаҳәаҩ Род Стиуарт.
Адунеитә опера алегенда Хосе Каррерас BraVo аԥхьахә ланеишьеит авиолончелистка Дали Гуцериева.
Ашықәс аопера ҳәа иалкаан Дмитри Черниаков иопера "Снегурочка и Кармен, ашықәс амеценат ҳәа ахьӡ ҳәан — ПАО "Северсталь". Аҳаҭыртә ԥхьахәқәа ранашьан ашәаҳәаҩцәа: Суми Чо (Ареспублика Кореиа), Сеиити Фурукава (Иапониа), Лианг Ли (Китаи), Енхбатын Амартувшин (Монголиа).