Хьыбла Гьерзмааԥҳа лықәгылара Хворостовски игәалашәара иазылкуеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПресс-конференция оперной певицы Хиблы Герзмава
Пресс-конференция оперной певицы Хиблы Герзмава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, Москватәи амузыка Аҩнаҟны Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр асолистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа дықәгылоит.

АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Хьыбла Гьерзмааԥҳа лықәгылара азылкуеит зыԥсҭазаара иалҵыз аоператә шәаҳәаҩы Дмитри Хворостовски игәалашәара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости апресс-маҵзура.

Урыстәыла жәлар рартист, аоператә шәаҳәаҩы, 56-шықәса ирҭагылаз Дмитри Хворостовски иԥсҭазаара далҵит Лондон, ахаша, абҵара 22 рзы.

Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Владимир Спиваков напхгара зиҭо Урыстәыла Амилаҭтә филармониатә оркестри рконцерт мҩаԥысуеит абҵара 23 рзы. Ақәгылара мҩаԥысуеит IХ Жәларбжьаратәи афестиваль "Владимир Спиваков шәааиԥхьоит…" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Хворостовски акыршықәса ачымазара бааԥсы ицәа иалан. 2015 шықәса рзы иара аҳәамҭа ҟаиҵеит ихшыбаҩ ачыра амоуп ҳәа. Артист аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Лондон дынхон.

Концерт Дмитрий Хворостовский и друзья. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Дмитри Хворостовски иԥсҭазаара далҵит

1989 шықәса рзы Би-би-си ателехәаԥшратә конкурс, Кардифф (Великобританиа) ақалақь аҟны имҩаԥысуаз, "Адунеи ашәаҳәаҩ" аҿы "Иреиӷьу абжьы" ҳәа иигаз аиааира ашьаҭхь адунеи аҿы деицырдыруа дҟалеит. Ниццатәи (Франциа) Nice Opera аҟны Петр Чаиковски иопера "Пиковая Дама" аҟны иқәгылара ашьаҭхь Дмитри Хворостовски днарыԥхьо иалагеит адунеи иреиӷьу атеатрқәа, афестивальқәа рахь.

Урҭ иреиуан: атеатр Ковент-Гарден (Лондон, Великобританиа), Метрополитен-опера (Ниу-Иорк, (США), Парижтәи аопера (Франциа), Бавариатәи аҳәынҭқарратә опера (Миунхен, Германиа), Ла Скала (Милан, Италиа), Венатәи аҳәынҭқарратә опера (Австриа), Зальцбургтәи афестиваль (Австриа).

Ажәабжьқәа зегьы
0