Оҭырба: Марттәи ажәылара ашьҭахь аӷа еиликааит ҳамчқәа зеиԥшраз

Иԥышәагаз Марттәи ажәылара ҳаԥсуа еибашьцәа рзы илыҵшәадахеит, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа 222-ҩык ҭахеит, аӡәырҩы хабарда ибжьаӡит. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу Зураб Оҭырба марттәи ажәылара ахҭысқәа игәалаиршәеит арадио Sputnik астудиаҟны.
Sputnik

Марттәи ажәылара ашьҭахь аибашьцәа зегьы еилыркааит аиааира агаразы шьаҿақәак шаҳзаанхаз. Аӷагьы еиликааит ҳамчқәа зеиԥшраз, ҳәа иҳәеит Агәымшәаразы амедал занашьоу Зураб Оҭырба.

Зураб Оҭырба деибашьуан Витали Смыр командирс дызмаз абаталион аҟны. Авзводқәа иреиҳабын Ҷыҷыкәа Мархолиеи Зураб Қәҭелиеи. Аибашьҩы иажәақәа рыла, Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭақәа рыҟны аԥсуа еибашьцәа хәыҷык аԥышәа рыман. 

Хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз аҵеицәа ргәаладыршәеит Гагра

"Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭаҟны ҳнеиаанӡа апышәа маҷк ҳаухьан, акырынтә аӷа ҳеихсхьан. Марттәи ажәылара аԥхьа Шыцкәара аԥсшьарҭа ҩнаҿы аҽазыҟаҵара ҳаҿын ажәылара. Гагратәи ажәылара қәҿиарала ианымҩаԥыс, аԥсуаа зегьы ргәы шьҭыҵит. Уи нахыс ҳара ҳазыԥшын Аҟәаҟа ҳанбеихо ҳәа", — ҳәа иҳәеит Зураб Оҭырба.

Аибашьҩы иҳәоит, марттәи ажәылара атрагедиа зцу усуп, аха даара аԥышәа ду рнаҭеит ҳәа.

"Март мза 15 рзы, ахырӷәӷәарҭақәа ҳнаскьаны ҳнарыдгылеит, исгәалашәоит асааҭ 4-5 шыҟаз, ашамҭазы адҵа ҳауит ажәылара ицатәуп ҳәа. Ҳара ишаҳдыруаз раԥхьатәи аешалони аҩбатәи аешалони ҳаишьҭагыланы ҳцоит ҳәа акәын. Агәымшәара аарԥшны, аӡәгьы дымхьаҵкәа ажәылара ҳалагеит. Аӡы ҳаруан, аха уи уадаҩын. Аӡы арра ԥыҭк шҳагыз, аибашьцәа аӡы ишҭагылаз — аӷацәа ҳалахысра иалагеит. Аҵх аарла ишон, убас аиҿахысра ҳалагеит. Аԥхьа ҳҽынашьҭаҳкит, шьоукы уа аӡы ишҭагылаз ахқәа рҽацәхьаркуа иалагеит", — ҳәа игәалаиршәоит аветеран.

Акомандирцәа Нурик Оҭырбеи Зураб Кәҭелиеи ҳгыланы ҳаргәыдлароуп аӷа ҳәа рҳәеит, иҳәоит Оҭырба.

"Адруҳәа ахысра ҳаналага аӷацәа апозициа зкыз аԥхьа, адгьыл иныҵабазшәа иҟамкәа иҟаҳҵеит. Ҳарҭгьы ашьшьыҳәа ҳаԥхьаҟа ҳҿынаҳхеит, иџьоушьаша ақырҭцәа ҳаилархәоит ҳәа аԥсышәала ицәажәон. Ачадараҟынӡа ҳаннеи Лыхнытәи агәыԥи, "Урагани", "Сатурни" иалахәыз аҷкәынцәеи ҳареи ҳаиқәшәеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит аибашьҩы.

Аиаша уҳәозар, "Ураганааи", "Сатурнааи" еиҳа аԥышәа рыман, иҳәоит Зураб Оҭырба, урҭ ҳаргьы ҳарҿаԥшны ҳаибашьуан. Уи ажәылараан Зураб  Оҭырба ааха ӷәӷәа иоуит.

"Усҟан сара сыхәны сышьҭан, аха зегьы ирҭахыз ԥхьаҟа ацаракәын. Аха ԥхьаҟа шәца ҳәа адҵа рмоуӡеит, аӷацәагьы уи анырба еиҳагьы игьежьны ҳара ҳачкәынцәа ирыжәлеит. Убас аиҿахысрақәа ӷәӷәаны ицон, аверталиот ала хыхынтә абомбақәа ҳаларыжьуан, аха аӡәы игәы еиҭаԥаны иҟамлеит. Ақырҭҵәа рацәаҩны ишьын, аха ҳаҷкәынцәа шәҩыла иҭархан", — ҳәа иацыиҵеит уи.

Агәымшәараз амедал занашьоу аветеран Зураб Оҭырба ивыршьааз иҩызцәа аӡәырҩы игәалаиршәеит. 

"Исгәаласыршәырц сҭахуп Лаврик Агрба, Гәырам Габниа – даара аҷкәынцәа еиҿамсқәа ракәын. Марттәи ажәыларазы раԥхьа Гәырам Габниа ахәра ӷәӷәа иоуит, Лаврик Агрба уа дицаангылеит. Ҳара ҳаҷкәынцәа дара ааныжьны ԥхьаҟа ицеит, ус аӷа дрыбжьалеит, дара ҭҟәаны иргеит. Ашьҭахь излаҳаҳаз ала Гәырам Габниа ҩымш иԥсы ҭаны дыҟан, иԥсы ихыҵит ахьаа ӷәӷәа шимаз, Лаврик дыршьит. Рыбаҩқәагьы ыҵхны Гәдоуҭаҟа инаганы анышә иарҭеит аибашьра ашьҭахь", — ҳәа иҳәеит иара.

Сентиабр мзазы иалагаз ажәылара уи аԥхьа иҳамаз агхақәа зегьы аԥырҟәҟәааны, аиааира азааҳгеит Аԥсынра, иҭаҳарцәит, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аветеран. Аибашьҩы игәаанагарала, Марттәи ажәылара алҵшәа амаиуӡеит ҳәа аҳәара иашаӡам. Хәыҷык азеилибамкаара, хәыҷык аиҿымкаара иахҟьаны илҵшәадахеит ажәылара, аха аиааира ҳазааигәанатәит.