Хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз аҵеицәа ргәаладыршәеит Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаХәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз аҵеицәа ргәаладыршәеит Гагра
Хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз аҵеицәа ргәаладыршәеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз аҵеицәа ргәалашәара ахьӡала, Гагра Ахьӡ-аԥша абаҟа амҵан ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

ГАГРА, хәажәкыра 16 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәарц Ахьӡ-аԥша амемориалтә комплекс ахь инеит аибашьра аветеранцәа, аинвалидцәа, иҭахаз рҭаацәа, араион Ахадара, аҭыԥантәи адепутатцәа, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи астудентцәеи.

Раԥхьаӡа иргыланы еизаз зегьы ашәҭқәа шьҭарҵеит, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа ар ркомандаҟаҵаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа амҵан. Анаҩс рымҩа дырхеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа ргәалашәара ахьӡала ишьақәыргылоу абаҟахьы.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шш - Sputnik Аҧсны
Рауль Смыр Марттәи ажәылара иазкны: ақалақь ҳалаԥшуа ҳгылан

Аԥсуа жәлар рзы, ари алахьеиқәҵаратә мшы хашҭшьа амам. Иахьа уажәраанӡа илаӷырӡышуеит зыҷкәынцәа ҭахаз анацәа, абацәа, игәырҩоит аҳәсеибацәа, ирхылҵыз ахшара. Ирыцеибашьуаз рҩызцәа ракәзаргьы, наӡаӡа ргәы ахәра ду нхалеит.

"Сара сашьа Вахтанг Ҳагәышь хәажәкыратәи ажәылараан дҭахеит. Иара гәыԥҩык аибашьцәа реиԥш анышә дамардеит Аҟәа, ареспубликатә хәышәтәырҭа авара. Аибашьра ашьҭахь ҭагалан аԥсцәа рыҵхра анымҩаԥысуаз, аԥсыбаҩқәа реиҩдыраара шыуадаҩызгьы, ҳан Вахтанг аибашьра ҟалаанӡа, машәырла иарма напаҿы хнацәкьарак амаӡамызт аҟынтә, иаразнак деилылкааит. Сашьа дышҭахаз уеизгьы иаҳдыруан, аха иԥсы аҩныҟа ианҳау, аиашазы акырӡа ҳгәы ҳарҭынчит, уи нахыс ҳааигәара дыҟазшәа ҳгәы иабон", — игәалаиршәоит аиашьа Едуард Ҳагәышь.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны, ари ажәылара аԥсҭбара ду зцыз, илҵшәадахаз ҳәа иԥхьаӡоуп. Аха уи иалахәыз аветеранцәа ргәаанагарала, хәажәкыратәи ажәылара иԥышәа духеит, ԥхьаҟатәи Аиааира агараҿы.

"Хәажәкыратәи ажәылара ашьҭахь, ҳаӷацәа ҳшьамхы ҳақәҟьоз џьыршьон, аха ргәы иажьеит. Егьа гәырҩеи гәаҟреи ҳрықәшәазаргьы, ҳаҽҳарӷәӷәеит, ҳабиԥара ҿыц ҳрызхәыцит. Ҳагхақәа алкааны, иҳауз аԥышәа ҳхы иархәаны, иҳалҳаршеит ҩаԥхьа иаҳԥеиԥшыз ажәыларақәа рҟны аԥыжәара агара", — иҳәоит хәажәкыратәи ажәылара иалахәыз Ҭамаз Папба.

Хәажәкыратәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.

Ажәабжьқәа зегьы
0