Ашьапы иқәгылеит: арепатриациазы аҳәынҭеилакы аихьӡарақәа Sputnik аҟны иазааҭгылан

Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы 25-шықәса ахыҵра инамаданы Sputnik Аԥсны имҩаԥган апресс-конференциа.
Sputnik

Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы — цҳауп, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәраз, абри атәы иҳәеит аилак ахада ихаҭыԥуаҩ Ерқан Қәҭарба. Арепатриациазы аҳәынҭеилакы иамоу адыррақәа рыла 11 нызкь-ҩык ҳџьынџьуаа Аԥсны иатәылауаҩуп.

Ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿкаан 1993 шықәса, хәжәкыра 23 рзы, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, усҟан Иреиҳау Асовет ахантәаҩыс иҟаз, анаҩс Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала. Аилак ахантәаҩыс дшьақәырӷәӷәан Ныгәзар Ашәба.