"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Аполлон Думаа Константин Озган игәаларшәара иазкны
© Sputnik
"Константин Константин-иԥа Озган дыздыруеижьҭеи даара акыр ҵуеит. Ауаажәларра-политикатә усзуҩ дуун, уаҩрыла ҳаизааигәан иаргьы саргьы, уамакала ҳаиҭанаиааихьан, ачеиџьыка ҳзеилан. Иааԥсара дууп, акыр аџьа ибеит аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы, амилаҭтә хақәиҭра қәԥараҿы. Абыргцәа рхеилак аусқәа аӡбараҿы иажәа ӷәӷәан, акырӡа дазааигәаны дазнеиуан", — иҳәеит Думаа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.