АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Москватәи аԥсуа диаспора рпроект хада – ишәҭыкакаҷуа, аҿиара амҩа иқәу Аԥсны ауп иҳәеит адиаспора аиҳабы Беслан Агрба апресс-конференциаҿы.
"Аԥсуа ҳәынҭқарра иахьазы еицазхарҵаны иҟам, аха иара ахаҭа ҳәынҭқаррак аҳасаб ала ишьақәгыланы иҟоуп. Ҳара ҳҿаԥхьа изҵаара хаданы иқәгыло аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиаратә ҟазшьа аманы аҟаҵароуп. Абир азҵаара еиднакылоит ҳадиаспора раӷьырак. Даара гәыҵхас иҳамоуп. Ҳаиԥылаарқәа раан еиҳарак ҳазлацәажәогьы убри ауп", — иҳәоит Агрба.
Иара иажәақәа рыла азырхиара иаҿуп адунеи адиаспорақәа зегьы рахь ааԥхьара, Аԥсны аҿиара ацхыраара аҭаразы.
Москватәи адиаспора азыхиоуп рҭоурых ԥсадгьыл иадҳәало еиуеиԥшым апроектқәа рынагӡара.
"Адиаспора иаус хаданы иҟоу акзаара аиқәырхароуп, аԥсадгьыл уацәыхараны уаныҟоугьы аԥсадгьыл уаҟәырҷаханы ухы убо аҟазаароуп. Абызшәа, акәашара, ашәаҳәара рҵара ҳәарада хра амоуп, аха ушьҭахь иӷәӷәоу, аҿиаратә ҩаӡара ҳаарк ызмоу аҳәынҭқарра аныҟоу, уи ахәшьара уадаҩуп. Аурымцәа, аерманцәа рдиаспорақәа рҭоурых ԥсадгьыл акыр иацхраауеит. Ҳаргьы ибзианы еилаҳкаауеит усеиԥш ада ԥсыхәа шыҟам. Ацхыраара шыҟаҵатәу. Изылшоны иҟоу зегьы рыԥсадгьыл ацәыраара иацәхьамҵыроуп", — иҳәоит Беслан Агрба.
Иныҭкааны аԥсуаа заҟаҩ Москва инхо шьақәыргылам, аха аиҳарак активла зхы аазырԥшуа 200-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Агрба иҳәоит есышықәса, хәажәкыра 25 рзы Москватәи аԥсуа диаспора шеиқәшәо, абарҭ аиқәшәарақәа 60 шықәса рхыҵра шакәу уажә иазгәарҭогьы.
"Иуҳәар ауеит абри аныҳәа абарҭ аиԥыларақәа еиҿызкааз Тарас Мирон-иԥа Шамба иныҳәоуп ҳәа. Иара иахьа амчи алшареи иманы дҳавагылоуп. Ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит имааԥсаразы", — иҳәоит Агрба.
Беслан Агрба иҳәоит аԥсуаеидгылара аҽеиҿкаара ишалагаз ииасыз ашәышықәса алагамҭаз, 20-30 ашықәсқәа раан, Москваҟа раԥхьатәи астудентцәа неиуа ианалага.