Беслан Агрба: адиаспорақәа зегьы аус рыцааулоит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Агрба во время ПК об открытии международного фонда культуры Ф.Искандера "Стоянка человека"
Беслан Агрба во время ПК об открытии международного фонда культуры Ф.Искандера Стоянка человека - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Беслан Агрба, ауаажәларратә еиҿкаара "Москватәи аԥсуа диаспора" арегионалтә напхгара ахантәаҩы аҽазныкгьы, 2018 шықәса жәабран 11 рзы имҩаԥысыз аиҿкаара аҳасабырба-алхратә еизараҟны аиҿкаара ахантәаҩыс далхуп.

АҞӘА, жәабран 13– Sputnik. Беслан Агрба, 2011 шықәса раахыс ауаажәларратә еиҿкаара "Москватәи аԥсуа диаспора" арегионалтә напхгара ахантәаҩы аҽазныкгьы, 2018 шықәса жәабран 11 рзы имҩаԥысыз аиҿкаара аҳасабырба-алхратә еизараҟны аиҿкаара ахантәаҩыс далырхит. Беслан Агрба иазгәеиҭеит "Аԥсуа-абаза Конгресс" аҳәаақәа ирҭагӡаны адиаспорақәа зегьы аус рыдулара дшазыхио.

Хибла Амичба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Хьыбла Амҷыԥҳа: аԥсуа-абаза диаспора ашәҟәы рҭагаларазы асаит аартуп

Абри атәы иҳәеит Беслан Агрба радио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.

"Аԥсуа-абаза Конгресс" аҳәаақәа ирҭагӡаны адиаспорақәа зегьы аус рыдулара ҳазыхиоуп. Аконгресс ахада ҿыц Мусса Екзеков ҩ-напыкла аус хациркит", — иҳәеит иара.

Беслан Агрба раԥхьаҟатәи рыпланқәа дрылацәажәо иазгәеиҭеит апроект "Адиаспораҟны сасны аҟазаара" апилоттә вариант шҭыху.

"Адиаспораҟны сасны аҟазаара" апроект хацҳаркит. Ҳара иаҳҭахуп Москва, Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҟны инхо аԥсуаа аинтерес зҵоу рҭоурыхқәа ауаа идҳардырырц", — иҳәеит Агрба.

Амцабз стал обладателем ГРАН-ПРИ международной премии Art Open World - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Амцабз" ачемпионат аартра иалахәхоит

Москватәи адиаспора адгылара анаҭеит апроект "Адиаспора рхаҿқәа". Уаҟа лыӡбахә еиҭаҳәоуп ХХ ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа раан Адунеи аԥшӡа ҳәа иалырхыз Қьериман Ебжьноуԥҳа.

"Иара убасгьы адгылара раҳҭалоит уаанӡа аус здааулоз апроектқәагьы. Ҳара есышықәса имҩаԥаагоит адиаспора реиԥылара, еиҿкааны иҳамоуп акәашаратә ансамбль, аԥсуа бызшәа аҵаразы ашкол" ҳәа еиҭеиҳәоит Беслан Агрба.

Беслан Агрба, 2011 шықәса раахыс ауаажәларратә еиҿкаара "Москватәи аԥсуа диаспора" арегионалтә напхгара ахантәаҩы аҽазныкгьы, 2018 шықәса жәабран 11 рзы имҩаԥысыз аиҿкаара аҳасабырба-алхратә еизараҟны аиҿкаара ахантәаҩыс далырхит.

Ажәабжьқәа зегьы
0