Игор Адлеиба Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат далахәоит

Абокс азы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 28-31 рзы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи абоксер Игор Адлеиба далахәхоит абокс азы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат. Абокс азы Краснодартәи атәылаҿацә ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 28-31 рзы.

Игор Адлеибеи Баҭал Чежьиеи Анапа аиааира ргеит

Аиԥылара х-раундк рыла ишьақәгылоит.

"Актәи араунд аан сиеисон Магамед Казиев. Аӡбаҩ аԥыжәара сара исиҭеит". — иҳәеит абоксер.

Атурнир аҿы аиааира иалнаршеит Игор Адлеиба Аладатәи афедералтә округ атурнир иалахәра.

"Аладатәи афедералтә округ атурнир аҟны аиааира згар, Урыстәыла ачемпионат ахь ааԥхьара соуеит, аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ аиурагьы алшоит. Абри аан ихадоу – аспорт азҟазаразы анорматив нагӡатәуп", — иҳәеит иара.

Хәажәкыра 30 рзы Игор Адлеиба дицықәгылоит Вадим Джумаев.

Игор Адлеиба — изныкымкәа Аԥсны дачемпионхахьеит, еиуеиԥшым Жәларбжьаратәи атурнирқәа дырлахәылоуп.