"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҭемыр Кәыҵниа абылрачацәыхьчара иазкны
"Кемерово иҟалаз ахҭыс анаҩс, абылрачацәыхьчаратә ҟәшахьы иадҵаало ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иаҳа иацлеит. Ахыбрақәа абылрачацәыхьчаратә маругақәа рыла ишеиқәыршәатәу иазҵаауеит, аԥҟарақәа ирызҿлымҳахеит. Иахьа Аҟәа ақалакь мацара 2600 хыбра ҳара ҳҿы ашәҟәы иҭагалоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп адәқьанқәа, ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа. Дара хылаԥшра рзызуа аҟәша ҷыда ҳамоуп, шықәсык ахь ҩынтә ҳаҭаауеит, ҳахәаԥшуеит ахыбрақәа рҭагылазаашьа шыҟоу, еиҳарак игәцаракны иҳамоуп ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥкәа", — иҳәеит Кәыҵниа.