Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа: Кемерова иҟалаз абылра ашьҭахь ҳусбарҭа иадҵаало ауаа рацәаҩхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукКвициния Тимур
Квициния Тимур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра абылрачацәыхьчаразы Аҟәа ақалақьи араиони рҿы иаԥҵоу аҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа арадио Sputnik Аԥсны аефира аҟны иҳәеит Кемерова иҟалаз абылра ӷәӷәа ашьҭахь абылрачацәыхьчара аҟәша иадҵаало ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ишацлаз.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҭемыр Кәыҵниа абылрачацәыхьчара иазкны
"Кемерово иҟалаз ахҭыс анаҩс, абылрачацәыхьчаратә ҟәшахьы иадҵаало ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иаҳа иацлеит. Ахыбрақәа абылрачацәыхьчаратә маругақәа рыла ишеиқәыршәатәу иазҵаауеит, аԥҟарақәа ирызҿлымҳахеит. Иахьа Аҟәа ақалакь мацара 2600  хыбра ҳара ҳҿы ашәҟәы иҭагалоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп адәқьанқәа, ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа. Дара хылаԥшра рзызуа аҟәша ҷыда ҳамоуп, шықәсык ахь ҩынтә ҳаҭаауеит, ҳахәаԥшуеит ахыбрақәа рҭагылазаашьа шыҟоу, еиҳарак игәцаракны иҳамоуп ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥкәа", — иҳәеит Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0