Арадио

Аб Никита: Ҳазшаз имчала раԥхьаӡа акәны иԥшьоу адгьыл сшьапы нықәсыргылеит

Аԥснынтәи 40-ҩык рҟынӡа анцәахаҵаҩцәа Иерусалим иҟоуп, амшаԥ ныҳәаз Аҟәаҟа Амца ԥшьа аҟәырҷаха ааргарцаз. Анцәахаҵаҩцәа рныҟәара атәы Иерусалимынтәи ҭелла арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭаиҳәеит Аб Никита.
Sputnik
Аб Никита: Ҳазшаз имчала раԥхьаӡа акәны иԥшьоу адгьыл сшьапы нықәсыргылеит

"Анцәа ду имчала сынтәа саргьы Иерусалимҟа иааз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара салоуп. Раԥхьаӡа акәноуп иԥшьоу адгьыл сшьапы анықәсыргыл. Арахь ҳаанӡа ҳаҟан Мысра, Анцәа иуасиаҭқәа жәаба Моисеи иахьиҭаз ашьха Синаи, ахәаҷгьы ҳхалеит, уи аҭыԥаҿ Анцәа иашьапкра мҩаԥаагеит. Иерусалим ҳанааи, Иаса Қьырса дахьыршьыз аҭыԥаҿы игылоу ауахәамаҿы Анцәа иашьапкра мҩаԥаагеит", — ҳәа ааицҳауеит Иерусалимынтәи Аб Никита. 

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.