АҞӘА, мшаԥы 3 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Атәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Лышәба абри аҭагылазаашьа дахцәажәо иазгәеиҭеит аԥкыра иара усгьы имариам аекономикатә ҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит ҳәа.
"Ареспубликазы аекономикатә ԥхасҭа убартә иҟалоит. Аиҳаракгьы анырра рнаҭоит абжьаратә ааглыхыҩцәа, заалыҵ аҳәаанырцәа изгои анаплакыҩцәа дуқәеи", — иҳәеит иара.
Адгәыр Лушба иажәақәа рыла уажәы аԥсуа гани аурыс гани аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит аалыҵ хкқәак аԥкыра рԥырхагамхо иалыркаарц.
Лышәба иазгәеиҭеит шықәсык аҩныҵҟа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ишиарго 4-5 миллиард мааҭ рыхә аалыҵ.
"Ари анаплакыҩцәа рхашәалоуп. Ирылаҳәо аԥкыра иара убасгьы аусутә ҭыԥқәеи ашәахтәқәеи ланарҟәуеит. Ҳнаплакқәа маҷымкәа аекспорт иазырхоуп. Аекспорт аԥкра иаразнакы дара анырра рнаҭоит", — иҳәеит Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Адгәыр Лышәба.
Иара убри аан иҳәеит анаплакқәа афинанстә цхыраара рыҭара атәыла алшара шамам.
"Сгәы иаанагоит аилацәажәарақәа ирылҵшәахап ҳәа аԥсыҽрақәа, ма ақыҭанхамҩа аалыҵ аиагараз аҭагылазаашьа маншәалақәа аԥҵахап ҳәа", — иҳәеит Лышәба.
Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа аҵиаа-аалыҵ алагалара акәзар аамҭалатәи ԥкыроуп иҳәеит иара.
Россельхознадзор мшаԥы 2 2018 шықәса инаркны амармалташь пты аламырҵәаразы Аԥснытәи ақыҭанхамҩа аалыҵ Урыстәыла аҵакыра алагалара ааныркылеит.