Гәдоуҭа араион аҿы амармалташь пты ақәхра иалагоит

Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа Аусбарҭа аиҳабы Иури Кәарацхьелиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион аҿы амармалташь пты иаҿагыланы инарыгӡо ауснагӡатәқәа ртәы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Мшаԥы 20 инаркны араион аҿы апты ахимиатә маҭәашьарқәа рыцхыраарала ақәхра иалагараны иҟоуп, иҳәеит Гәдоуҭа араион ақыҭанхамҩа Аусбарҭа аиҳабы Иури Кәарацхьелиа.

"Гәдоуҭа араион аҿы иаԥҵоуп аштаб хада, араион ақыҭақәа зегьы рҿы иеиҿкаауп аштабқәа. Иааидкыланы араион аҿы 150 гәыԥ еиҿкаауп апты ақәхразы", — иҳәеит иара.

Кәарацхьелиа иазгәеиҭеит араион аҿы апты ареспублика Мрагыларатәи араион аҿы еиԥш апты рылаҵәаны ишыҟам.

"Ареспублика Мрагыларатәи араион аҿы еиԥш апты ахыԥхьаӡара рацәам ҳара ҳҟны, аха уажәнатә аҭыԥ аҿы ианаҳзымхәыҽ, нас еиҳа иуадаҩхоит аиааира", — иҳәеит иара.

450-ҩык ауааԥсыра русура азырхахоит ашҳамхимикатқәа рыла ақыҭанхамҩатә ҵиаақәа аус рыдулара.

"Иахьазы ҳара иҳамоуп 495 литра ахимикатқәа. Еиҭахгьы иҳауп ҳәа ҳазыԥшуп", — иҳәоит Кәарацхьелиа.

Амармалташь пты Амшын еиқәа аԥшаҳәахьы иқәнагалеит ԥшьышықәса раԥхьа.