Ақаҩба: аоккупациа зызу Қырҭтәыла аҵакырақәа ҳәа акгьы ыҟаӡам

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Џьаанелиӡе иҳәамҭа аҭак аиҭеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6– Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Џьаанелиӡе иҳәамҭа аҭак иҭо Facebook аҿы иҩит аԥсуааи ауаԥсааи зқәынхо, аоккупациа зызуу Қырҭтәыла аҵакырақәа ҳәа акгьы ыҟаӡам ҳәа.

Ақаҩба: Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьызтәуа ҳхьыԥшымра азхаҵароуп

"Апатын Џьанелиӡе! Аԥсуааи ауаԥсааи рыдгьылқәа рҿоуп иахьықәынхо. Иахьа, адунеи ахсаалаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла ареспубликеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәа инарываргыланы рхатә ҭыԥ ааныркылоит", — ҳәа иҩуеит аминистр.

"Голос Америки" ақырҭуа маҵзура аинтервиу аҭо Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Џьаанелиӡе иҳәеит Қырҭтәыла иалшо зегьы шыҟанаҵало аоккупациа зызуу Қырҭтәыла аҵакыра иқәынхо рџьынџьуаа – аԥсуааи ауаԥсааи рнышәаразы, аимадага цҳақәа рышьақәыргыларазы.