Ақаҩба: Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьызтәуа ҳхьыԥшымра азхаҵароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Кове. Встреча министра иностранных дел Абхазии с Сопредседателями Женевских Дискуссий
Даур Кове. Встреча министра иностранных дел Абхазии с Сопредседателями Женевских Дискуссий - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла Аԥыза-министр Георги Квирикашвили "Уаҵәтәи амш ахь ашьаҿа" захьӡу аԥшьгамҭа ҟаиҵеит. Иара игәаанагарала аԥшьгамҭа азырхоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра ргуманитартәи рсоциал-економикатәи ҭагылазаашьа аиӷьтәра.

АҞӘА, мшаԥы 5– Sputnik. Қырҭтәыла Аԥыза-министр Георги Квирикашвили "Шаг к лучшему будущему" захьӡу аԥшьгамҭа ҟаиҵеит. Абри аԥшьгамҭа ахҳәаа аҭо Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иҳәеит ҳаизыҟазаашьақәа еиӷьызтәуа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵароуп ҳәа.

"Аԥсны-ихьыԥшыму, исуверентәу ҳәынҭқарроуп. Уаҵәазы еиӷьу ҭагылазаашьаны иҟалар зылшогьы Қырҭтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵареи аҳәынҭқаррабжьаратә диалог амҩаԥгареи роуп. Ари апроцесс иаваҟәало аҽа усхкык ыҟаны иҟам", — иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аҽазныкгьы адунеитә еилазаара ажьара хықәкыс иҟанаҵеит ҳә. Иара игәаанагарала урҭ рыгәҭакқәаҵәҟьа мцԥаршеила ихырҩоит.

Қырҭтәыла Аԥыза-министр Георги Квирикашвили "Уаҵәтәи амш ахь ашьаҿа" захьӡу аԥшьгамҭа ҟаиҵеит. Иара игәаанагарала аԥшьгамҭа азырхоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра ргуманитартәи рсоциал-економикатәи ҭагылазаашьа аиӷьтәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0