Афымцамчаз азакәан аинвестициақәа ирԥырхагоуп

Аԥсны афымцамчтә система аиҭашьақәыргылара аинвестициақәа аҭахны иҟоуп. Урҭ радыԥхьалара алшоит "Афымцамчаз" азакәан ԥсаххар.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 12— Sputnik. Аԥсны афымцамчтә система аиҭашьақәыргылараз аинвестициақәа радыԥхьалара алшоит ииасыз ашықәс азы ирыдыркылаз "Афымцамчаз" азакәан ԥсаххар.

Уажәы Аҟәеи Урыстәылеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара жәларбжьаратәии апарламентбжьаратәии еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Логәуа. Иахьатәи аамҭазы аус зуа азакәан иҟоу аҭагылазаашьа иақәшәом ҳәа иԥхьаӡоит иара. 

"Иҟоу аҭагылазаашьа аԥсахра алшоит аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа рааԥхьара мацарала. Аха аус зуа азакәанԥҵара уи алнаршом. Урыстәыла азыхиоуп ахатәы харџьқәа рыла аихшаратә ҳа ацәаҳәа ҿыц аргылара азҵаара алацәажәара. Уажәы Аҟәеи Урыстәылеи абри азҵаара иалацәажәоит, иара убасгьы иалацәажәоит афымцамч аинфраструктура шьаҭанкыла аиҭакра азҵаарагьы", — иҳәеит Логәуа.

Афымцамчаз азакәан еиҭахәаԥштәуп

Афымцамчтә система ареспубликаҿы акыр иқәсуп, аҳақәа ракәзар, иахьажәу иахҟьаны абонентцәа рҟынӡа афымцалашара ишахәҭоу ирызнагом. Аекспертцәа ргәаанагарақәа рыла ауааԥсыра ирцәыӡуеит 40 процент рҟынӡа афымцалашара. Атәыла аенергетикатә инфраструктура арҿыцразы аԥаразоужьра маҷымкәа иаҭахуп.

Аԥсны афымцамчтә система аиҭашьақәыргылараз аинвестициақәа радыԥхьалара алшоит ииасыз ашықәс азы ирыдыркылаз "Афымцамчаз" азакәан ԥсаххар ҳәа агәаанагара имоуп адепутат.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла Аԥсны афымцамч ахархәара есышықәса 5-9% рыла еиҳахоит.