Афымцамчаз азакәан еиҭахәаԥштәуп

© Sputnik / Artem KreminskyЛинии электропередачи
Линии электропередачи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны афымцамчтә система аиҭашьақәыргылараз аинвестициақәа радыԥхьалара алшоит ииасыз ашықәс азы ирыдыркылаз "Афымцамчаз" азакәан ԥсаххар, иҳәеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аԥсны Жәлар Реизара аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Ахра Абыхәба.

АҞӘА, мшаԥы 11— Sputnik. Афымцамчтә система ареспубликаҿы акыр иқәсуп, аҳақәа ракәзар, иахьажәу иахҟьаны абонентцәа рҟынӡа афымцалашара ишахәҭоу ирызнагом. Аекспертцәа ргәаанагарақәа рыла ауааԥсыра ирцәыӡуеит 40 процент рҟынӡа афымцалашара. Атәыла аенергетикатә инфраструктура арҿыцразы аԥаразоужьра маҷымкәа иаҭахуп.

Электрические провода - Sputnik Аҧсны
Убириа: Аԥсныҟа аенергетикатә инвестициақәа адгалатәуп

Адепутат Абыхәба игәаанагарала, иҟоу аҭагылазаашьа аԥсахра алшоит аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа рааԥхьарала мацара. Аха аус зуа азакәанԥҵара уи алнаршом. Урыстәыла азыхиоуп ахатәы харџьқәа рыла аихшаратә ҳа ацәаҳәа ҿыц аргылара азҵаара алацәажәара. Иара убасгьы иалацәажәоит афымцамч аинфраструктура шьаҭанкыла аиҭакра азҵаарагьы.

Аԥсны афымцамчтә система аиҭашьақәыргылараз аинвестициақәа радыԥхьалара алшоит ииасыз ашықәс азы ирыдыркылаз "Афымцамчаз" азакәан ԥсаххар, ҳәа иҳәеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аԥсны Жәлар Реизара аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Ахра Абыхәба.

"Иҳәатәуп аԥсахрақәа Аԥсны аинтересқәа ирықәшәо иҟазар шакәу. Иара убри аан Урыстәылатәи Афедерациа аинтересқәагьы азхьаԥшра рҭахуп. Афымцамч астратегиатә ҵакы аманы иахьыҟоу инамаданы ҳҳәынҭқарразы аенергетикатә шәарҭадара азҵаара аԥыжәара аманы иҟазароуп", — иҳәеит Абыхәба.

АУН "Амшынеиқәафымцамч" адыррақәа рыла Аԥсны афымцамч ахархәара есышықәса 5-9% рыла еиҳахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0