Кәакәасқьыр: ақәратә ценз ала аԥынгылақәа ҟаҵатәым
© Sputnik
"Аԥсны аконституциа излаҳәо ала амчра зтәу ажәлар роуп, ажәлар абри аҩыза агәаанагара анроу, алацәажәара ахәҭаны исыԥхьаӡоит. Иара азҵаара цәырызгаз сахьрықәшаҳаҭу сахьрықәшаҳаҭами ыҟоуп. Сахьрықәшаҳатым- 45 рахь ихагалатәуп ҳәа ирҳәо ауп, еиҳау- 65 шықәса акәымкәа, зынӡа иқәгатәуп ҳәа сазхәыцуеит. Сара аценз ашьақәыргылара сақәшаҳаҭым, ажәалар роуп изыӡбо ақәыпш дырҭаху зақәрахь инеихьо дырҭаху. Ҳара аԥсуа жәлар ҳашмаҷу ала закәанала аԥынгаларақәа аҭахуп ҳәа сыԥхьаӡом", — иҳәеит Кәакәасқьыр.
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.