Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәакәасқьыр: ақәратә ценз ала аԥынгылақәа ҟаҵатәым

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Квеквескири
Ахра Квеквескири - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақәра ду змоу рыла ибеиоу аҳәынҭқарраҿы даҭахума 65 шықәса инареиҳау атәыла ахада? Абри азы ихатә гәаанагара атәы иҳәон адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Аԥсны Жәлар Реизара ахәбатәи ааԥхьара адепутат Ахра Кәакәасқьыр.
Кәакәасқьыр: ақәратә ценз ала аԥынгылақәа ҟаҵатәым

"Аԥсны аконституциа излаҳәо ала амчра зтәу ажәлар роуп, ажәлар абри аҩыза агәаанагара анроу, алацәажәара ахәҭаны исыԥхьаӡоит. Иара азҵаара цәырызгаз сахьрықәшаҳаҭу сахьрықәшаҳаҭами ыҟоуп. Сахьрықәшаҳатым- 45 рахь ихагалатәуп ҳәа ирҳәо ауп, еиҳау- 65 шықәса акәымкәа, зынӡа иқәгатәуп ҳәа сазхәыцуеит. Сара аценз ашьақәыргылара сақәшаҳаҭым, ажәалар роуп изыӡбо ақәыпш дырҭаху зақәрахь инеихьо дырҭаху. Ҳара аԥсуа жәлар ҳашмаҷу ала закәанала аԥынгаларақәа аҭахуп ҳәа сыԥхьаӡом", — иҳәеит Кәакәасқьыр.   
Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0