"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Гәынба Жәлар рыкәашаратә ансамбль агастрольқәа ирызкны
© Sputnik
"Ансамбль Аԥсны анҭыҵтәи ақәгылара даҽа знеишьак амоуп, иаҳа аҭакԥхықәра ацушәа збоит. Дара-дара рыҩныҵҟа аилибакаара рымоуп. Ҳахьықәгылоз асценақәа маншәалан, иҭбаан, дара ирышьашәаланы иҟан. Акәашаҩцәа "рыԥсы еивганы" икәашон уҳәар алшоит. Агастрольқәа даара ибзиан имҩаԥысит, азалқәа зегьынџьара иҭәын", — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.