Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәынба: ансамбль ақәгылара аҭакԥхықәра ду ацын

© Sputnik / Илона ХварцкияАдамур Гунба
Адамур Гунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи ркультуратә сезонқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарратә Жәлар рыкәашаратә ансамбль Москве Калугеи ргастрольқәа амҩаԥысшьа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны акультуреи аҭоурых- культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аусзуҩ Адамыр Гәынба.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Гәынба Жәлар рыкәашаратә ансамбль агастрольқәа ирызкны

"Ансамбль Аԥсны анҭыҵтәи ақәгылара даҽа знеишьак амоуп, иаҳа аҭакԥхықәра ацушәа збоит. Дара-дара рыҩныҵҟа аилибакаара рымоуп. Ҳахьықәгылоз асценақәа маншәалан, иҭбаан, дара ирышьашәаланы иҟан. Акәашаҩцәа "рыԥсы еивганы" икәашон уҳәар алшоит. Агастрольқәа даара ибзиан имҩаԥысит, азалқәа зегьынџьара иҭәын",  — ҳәа азгәеиҭеит Гәынба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0