Шәача Ахада ихаҭыԥуаҩ даанкылоуп

Шәача Ахада ихаҭыԥуаҩ даанкылоуп. Иара хараны идырҵоит изинмчрақәа ирхырҳәҳәаны ахымҩаԥгара.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусбарҭа аусзуҩцәа мшаԥы 18 рзы дааныркылеит Шәача ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Мугдин Чермит. Абри атәы аанацҳаит "Сочи Экспресс".

"Шәача Ахада ихаҭыԥуаҩ даанкылоуп. Иара хараны идырҵоит изинмчрақәа ирхырҳәҳәаны ахымҩаԥгара" ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Ақалақь ахадара ахыбраҿы имҩаԥган аусҭҵааратә уснагӡатәқәа, Чермит икабинет аҟынтәи адокументқәа аусбарҭахь ииаган.

"Сочи Экспресс" адыррақәа рыла Чермит иаанкылара адҳәалазар алшоит хаԥышәала иргылаз аҩны. Иара убасгьы иҟоуп агәаанагара обиект аргыларазы ачынуаҩ закәаншьаҭада адокументқәа риҭеит ҳәа.

Чермит ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит 2016 шықәса рзы.