Сталинтәи арепрессиақәа ирцәынхаз: Адиле Аббас-оглы 98 шықәса лхыҵит

Апроект "Ақәранҵыра" аҳәаақәа ирҭагӡаны "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа лымш ира лыдырныҳәаларц Адиле Шахбас-иԥҳа Аббас-оглы илҭааит.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ — Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Адиле Аббас-оглы, ҳтәыла аҭоурых аҿы лышьҭамҭа анымҵуа иануп. Сталинтәи арепрессиақәа рнаҩс, Нестор Лакоба иҭаацәа рҟынтә, зыԥсы ҭаны иаанхаз лара лоуп.

1938 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы, Лакоба дахьиҭынхаз азы "жәлар драӷоуп" ҳәа ахара лыдҵаны, арепрессиа лызун. 1953 шықәса рзы, дахьҭакыз аҭыԥ аҟынтә лхы дақәиҭтәын, дагьыхынҳәит Аҟәаҟа. Аԥсҭазаара акыр икыднаҟьаз, алахьынҵа цәгьа зцыз амҩа ианысыз аԥҳәыс хатәра Адиле Аббас-оглы, сынтәа илхыҵит 98 шықәса.

"Асасцәа ҳзааит бымш ира быдырныҳәаларц"- ҳәа, Адиле лыԥҳа лан ианлалҳәа, аҭакс абас лҳәеит.

"Иҭабуп, сшәыкәыхшоуп. Сара сыԥсыргьы, ишәхашәмыршҭын, Аԥсынтәыла ашәҭ еиԥш икакаҷлоит. Сталини Бериеи ҳазҭадыргылаз аамҭа цәгьа хашҭра ақәым, урҭ ражәа џьбарақәа уажәыгь сгәы иқәыҩуеит", — дызнысхьоу аҭоурых џьбара ҩаԥхьа илгәаларшәо дҳацәажәон Адиле Аббас-оглы.

Крайняя слева - Сария Лакоба, крайняя справа - ее сестра Назия. Вторая справа - Адиле.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа Оқтаи Ҷкотуеи Сабина Быҭәԥҳаи, Аддиле Шахбас-иԥҳа, ҳамҭас зегь раԥхьа иргыланы илзеиӷьаршьеит агәабзиара, ақәра нҵыра ду.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа ихьӡала, лнапы иаркын адныҳәаларатә шәҟәы. Хымԥада, азеиӷьашьарақәа ирыцын ашәҭ шьыҵәрақәа, иара убас аԥаратә ҳамҭа.

"Шәара шәҟәышреи, шәыԥсҭазааратә ԥышәеи ҳарҭ зегьы ҳзы иҿырԥшуп. Ҳҳәынҭқарра аҭоурых ду шәазбжоуп. Шәара шәеиԥш иҟоу ауаа ирыбзоураны, ҳтәыла иахҭнагахьоу аҭоурых ҳгәалашәараҿы иаанхоит, еизҳауа абиԥарақәа ирымаҳдоит", — ҳәа азгәаҭоуп Сенер Гогәуа идныҳәалараҿы.

Оқтаи Ҷкотуа аҭырқәшәахь еиҭиеигаз лара лышәҟәы ҳамҭас илиҭеит. Уи лара акыр деигәырӷьеит, аҭырқәшәалагьы ажәақәак наиалҳәеит.

Зыԥсҭазаара қәԥараз: Нестор Лакоба диижьҭеи 128 шықәса ҵит

"Ашәҟәы иаԥҳьаз ҳдиаспора рхы-ргәы иҭынҵәом. Аамҭаказы, Адиле Аббас-оглы илхылгаз ахҭысқәа удмырхәыцырц залшом. Ҳџьынџьуаа, Аԥсныҟа ианаалак, исыҳәоит, абри ауаҩ "алегенда" дҳарба ҳәа. Аха, лықәра ахьыҟоу даҳмырааԥсаит ҳәа, мап аныскуа ыҟоуп", — иҳәеит Оқтаи Ҷкотуа.

Аҭоурыхтә аамҭа иаҿахәҳәагоу Адиле Шахбас-иԥҳа илзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, Анцәа иланеишьаз ашықәсқәа гәыцқьарыла илхылгарц.

Ҳцамҭаз, Адиле Аббас-оглы, абас еиԥш ҳалҳәеит:

"Аӡәы шәгәы нирхар, шәгәамҵны шәимацәажәан. Еснагь шәыччала. Аччара иахәышәтәуеит зегьы". — ас еиԥш ахшыҩҵак иаҵаҵәаху амаӡа, иҟалап аԥсҭазарааҿы лара илԥышәагазҭгьы.

Адиле Аббас-оглы. 2000 год