АҞӘА, мшаҧы 25 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аизга, Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыларақәа Жәларбжьаратәи аилазаара аҿы иӡырган, иагьҭыжьын ашәҟәыҩҩцәа Реидгыларақәа Жәларбжьаратәи аилазаара афинанстә цхыраарала Москва ақалақь аҿы.
Аизга аиқәыршәаҩ, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Абҳазоу иажәақәа рыла ашәҟәы ажәа бзиақәа ахҳәаан, апроект "Поэты в переводах" аусура ԥхьаҟагьы ишацҵахо атәы.
"Акрааҵуеит Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыларақәа Жәларбжьаратәи аилазаареи ҳареи аус еицаауеижьҭеи. "Аҟәатәи абааш" аҿы ҳара еидаҳкылеит аиҳабыратә, абжьаратә, аиҵбыратә абиԥарақәа. Москватәи ҳколлегацәа азыхиоуп ԥхьаҟагьы аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рырҿиамҭақәа рҭыжьра. Иалацәажәан апроект ҿыц "Сборник абхазских рассказов" аҭыжьра. Ҳара ҳзы уи ҿыцран. Иара убасгьы ҳара иҳадыргалеит аԥсуа бызшәахь аурыс поетцәа русумҭақәа реиҭагара", — иҳәеит Вахтанг Абҳазоу.
Иара иҳәеит аусураан иаразнакы аҩымҭа ԥсыҽқәа шалырхыз.
"Аиҭагара апроблема ыҟан. Ҳара иҳамам аԥсшәагь аурысшәагь еиваҟәало еиҭазго аҟазауаа. Ҳара иаҳҭахуп аиҭагаратә усура арҿиара аҳҭарц, аҟазауаа азҳархиарц", — иҳәеит иара.
Ашәҟәы аҿы 19-ҩык авторцәа рнысмҩеи рырҿиамҭақәеи анылеит. Аизга иалалеит Гьаргь Гәыблиа, Платон Бебиа, Мушьни Микаа, Теренти Ҷаниа, Мушьни Лашәриа, Витали Амаршьан, Валери Касланӡиа, Геннади Аламиа, Рушьбеи Смыр, Владимир Занҭари, Сергеи Агындиа, Игорь Хәарцкиа, Вахтанг Абхазоу, Енвер Ажьиба, Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵиниа, Гәында Сақаниа, Заира Ҭхаиҵыҟә, Дырмит Габелиа.
Ашәҟәы аӡыргара ацеремониа рхы аладырхәит урыстәылатәи апоетцәа, апрозаикцәа, аҵарауаа, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аҧснытәи Ацҳаражәҳәарҭа, Москватәи аҧсуа диаспора, аҧснытәи астудентцәа рхаҭарнакцәа, иара убас аҧсуа поетцәа Теренти Ҷаниеи Игорь Хәарцкиеи.
Апресс-конференциаҿы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Терент Ҷаниа Едуард Ӡыба еиҭагамҭа ажәанраала "Ахынҳәра" даԥхьеит.