00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Русские имена на карте мира
14:04
22 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Мировые острова с русскими именами
14:33
25 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Иҭыҵит аизга "Аҟәатәи абааш"

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция по презентации сборника стихов современных абхазских поэтов
Пресс-конференция по презентации сборника стихов современных абхазских поэтов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаамҭазтәи аҧсуа поетцәа ражәеинраалақәа реизга "Аҟәатәи абааш" еиднакылоит 19-ҩык аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа. Аизга аиқәыршәаҩ – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу.

АҞӘА, мшаҧы 25 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аизга, Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыларақәа Жәларбжьаратәи аилазаара аҿы иӡырган, иагьҭыжьын ашәҟәыҩҩцәа Реидгыларақәа Жәларбжьаратәи аилазаара афинанстә цхыраарала Москва ақалақь аҿы.

Даур Начкебия - Sputnik Аҧсны
Даур Начҟьебиа ишәҟәы "Берег ночи" серб бызшәала иҭыҵит

Аизга аиқәыршәаҩ, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Абҳазоу иажәақәа рыла ашәҟәы ажәа бзиақәа ахҳәаан, апроект "Поэты в переводах" аусура ԥхьаҟагьы ишацҵахо атәы.

"Акрааҵуеит Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыларақәа Жәларбжьаратәи аилазаареи ҳареи аус еицаауеижьҭеи. "Аҟәатәи абааш" аҿы ҳара еидаҳкылеит аиҳабыратә, абжьаратә, аиҵбыратә абиԥарақәа. Москватәи ҳколлегацәа азыхиоуп ԥхьаҟагьы аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи рырҿиамҭақәа рҭыжьра. Иалацәажәан апроект ҿыц "Сборник абхазских рассказов" аҭыжьра. Ҳара ҳзы уи ҿыцран. Иара убасгьы ҳара иҳадыргалеит аԥсуа бызшәахь аурыс поетцәа русумҭақәа реиҭагара", — иҳәеит Вахтанг Абҳазоу.

Иара иҳәеит аусураан иаразнакы аҩымҭа ԥсыҽқәа шалырхыз.

"Аиҭагара апроблема ыҟан. Ҳара иҳамам аԥсшәагь аурысшәагь еиваҟәало еиҭазго аҟазауаа. Ҳара иаҳҭахуп аиҭагаратә усура арҿиара аҳҭарц, аҟазауаа азҳархиарц", — иҳәеит иара.

Ашәҟәы аҿы 19-ҩык авторцәа рнысмҩеи рырҿиамҭақәеи анылеит. Аизга иалалеит Гьаргь Гәыблиа, Платон Бебиа, Мушьни Микаа, Теренти Ҷаниа, Мушьни Лашәриа, Витали Амаршьан, Валери Касланӡиа, Геннади Аламиа, Рушьбеи Смыр, Владимир Занҭари, Сергеи Агындиа, Игорь Хәарцкиа, Вахтанг Абхазоу, Енвер Ажьиба, Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵиниа, Гәында Сақаниа, Заира Ҭхаиҵыҟә, Дырмит Габелиа.

Ашәҟәы аӡыргара ацеремониа рхы аладырхәит урыстәылатәи апоетцәа, апрозаикцәа, аҵарауаа, Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аҧснытәи Ацҳаражәҳәарҭа, Москватәи аҧсуа диаспора, аҧснытәи астудентцәа рхаҭарнакцәа, иара убас аҧсуа поетцәа Теренти Ҷаниеи Игорь Хәарцкиеи.

Апресс-конференциаҿы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Терент Ҷаниа Едуард Ӡыба еиҭагамҭа ажәанраала "Ахынҳәра" даԥхьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0