АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгара изаамҭанытәим реилатәараҟны ААП хантәаҩыс далхуп Ҭамила Мерцхәылааԥҳа. Абри атәы аанацҳауеит ААП аофициалтә саит.
"Мшаԥы 25 рзы имҩаԥысит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгара изаамҭанытәим реилатәара. Аилатәара амшхәаԥштә зҵаараны иқәгылан ААП апрезидент ҿыц иалхра. Иаарту абжьыҭирала иӡбан Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата апрезидентс далхызарц Ҭамила Мерцхәылааԥҳа", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.
Уаанӡатәи ААП апрезидент Геннади Гагәылиа Аԥсны Аԥыза-министрс иҟалара иадҳәалоуп аиҭалхра апроцедура. Ҭамила Мерцхәылааԥҳа уаанӡа ААП апрезидент ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Ҭамила Мерцхәылааԥҳа диит 1983 шықәса рзы Тҟәарчал ақалақь аҟны.
2006 шықәса рзы далгеит РУДН афилологиатә факультет.
2006 – 2011шш. рзы аус луан Иаарту Аҟәатәи аинститут аҟны.
2011 —2012шш. рзы аААП адәныҟатә еимадарақәеи аинвестициақәеи рыҟәшаҿы аус луан.
2017 шықәса рзы ААП апрезидент ихаҭыԥуаҩыс далхын.