00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
30 мин
13:00
30 мин
13:30
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
31 мин
21:00
30 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
30 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Русские имена на карте мира
14:04
22 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Мировые острова с русскими именами
14:33
25 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Геннадии Гагулиа Аԥсны Аԥыза-министрс дҟаҵоуп

© Sputnik Томас ТхайцукПрезидент Торгово-промышленной палаты Республики Абхазия Геннадий Гагулия.
Президент Торгово-промышленной палаты Республики Абхазия Геннадий Гагулия. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаҧымза 24 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа.

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Мшаҧымза 24 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа.

Аусҧҟа аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

"Ихы дақәиҭтәызааит Барцыц Беслан Константин-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр имаҵураҟнытә даҽа усурҭак ахь ииасра инамаданы. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министрс даҭазааит Геннади Леонид-иҧа Гагәлиа", — ҳәа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара анапы ианҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ҿыц аҧҵахаанӡа анапынҵақәа рынагӡара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада Гагулиа Геннадии Леонид-иҧа диит ажьырныҳәа 4, 1948 шықәса рзы Аҧснытәи АССР, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.

1972 шықәса рзы далгеит Белоруссиатәи Аполитехникатә Институт, анџьныр-аргылаҩ изанааҭ иманы.

11.1972-04.1973шш. рзы Қырҭтәылатәи АССР Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУМ, атрест №16 аҟны аус иуан.

04.1973-06.1974шш. рзы Қырҭтәылатәи АССР Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУМ, атрест №16 аргылаҩцәа реиҳабы.

06.1971-09.1976шш. рзы ҚССР, Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУМ атрест №16, еиҭаҵуа амеханизмтә еишьҭагыла №144 анџьныр хада.

10.1976-03.1977шш. рзы ҚССР, Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУ-4 атрест №16, адгьылҭыҧ №18 аргылаҩ еиҳабы.

08.1977-09.1986шш. рзы аӡиа Риҵа азеиҧшкрыфарҭатә Комбинат адиректор ихаҭыҧуаҩы.

09.1986-09.1991шш. рзы Гәдоуҭатәи РАИПО анапхгара ахантәаҩы.

09.1991-06.1992шш. рзы Аҧсны АССР Аминистцәа Реилазаара адәныҟатә економикатәи ареспуьликақәа рыбжьаратәи аимадара Аҳәынҭқарратә Комитет Ахантәаҩы.

06.1992-12.1992шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара аҿы Аҳәынҭқарратә комитет адәныҟатәи аекономикатә еимадарақәа Ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡоит.

12.1992-12.1993шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Ахантәаҩы ихаҭыыҧуаҩ, адәныҟатәи аеконимикатә еимадарақәа ркомитет ахантәаҩ.

12.1993-01.1995шш.рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Ахантәаҩы ихаҭыыҧуаҩ, адәныҟатәи аеконимикатә еимадарақәа ркомитет ахантәаҩы.

01.1995-04.1997шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр.

03.2002-11.2002шш. Урыстәыла Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат ицхырааҩ.

01.04.1997-2002шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада.

12.2003-2004шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр.

07.12.2002-04.2003шш. рзы Аҧсны Аҳәанҭқарра Ахада Ихадара Анапхгаҩы.

2004 шықәса иахьа уажәраанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада.

Ажәабжьқәа зегьы
0