Аминистрцәа Реилазаара ҿыц хымз рыҩныҵҟа еиҿкаахоит

Мшаҧымза 24 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Аминистрцәа Реилазаара ҿыц хымз рыҩныҵҟа еиҿкаахоит иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз Аминистрцәа Реилазаара аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа.

"Беслан Барцыц иԥхьатәареи Геннади Гагәылиа Аԥыза-министрс иҟаҵареи инарымаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан инақәыршәаны, Аминистрцәа Реилазаара зегьы ԥхьатәара ицоит. Абри ашьҭахь Аԥыза-министр иуалԥшьоуп аилазара ҿыц реиҿкаара. Уаанӡатәи аилазаара рнапынҵақәа нарыгӡоит хымз иреиҳамкәа. Иахьазы аминистрцәа зегьы "анапынҵақәа назыгӡо" истатус рымоуп", — иҳәеит иара.

Мшаҧымза 24 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа.

"Ихы дақәиҭтәызааит Барцыц Беслан Константин-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр имаҵураҟнытә даҽа усурҭак ахь ииасра инамаданы. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министрс даҭазааит Геннади Леонид-иҧа Гагәлиа", — ҳәа аҳәон Аусԥҟаҿ.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара анапы ианҵоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ҿыц аҧҵахаанӡа анапынҵақәа рынагӡара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада Гагулиа Геннадии Леонид-иҧа диит ажьырныҳәа 4, 1948 шықәса рзы Аҧснытәи АССР, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.

1972 шықәса рзы далгеит Белоруссиатәи Аполитехникатә Институт, анџьныр-аргылаҩ изанааҭ иманы.

1972-1973шш. рзы Қырҭтәылатәи АССР Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУМ, атрест №16 аҟны аус иуан.

Аԥсны Аиҳабыра рыҟны аиҭакрақәа ҟалеит

1973-1974шш. рзы Қырҭтәылатәи АССР Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУМ, атрест №16 аргылаҩцәа реиҳабы.

1971-1976шш. рзы ҚССР, Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУМ атрест №16, еиҭаҵуа амеханизмтә еишьҭагыла №144 анџьныр хада.

1976-1977шш. рзы ҚССР, Аргылара Аминистрра Гәдоуҭатәи СУ-4 атрест №16, адгьылҭыҧ №18 аргылаҩ еиҳабы.

1977-1986шш. рзы аӡиа Риҵа азеиҧшкрыфарҭатә Комбинат адиректор ихаҭыҧуаҩ.

1986-1991шш. рзы Гәдоуҭатәи РАИПО анапхгара ахантәаҩы.

1991-1992шш. рзы Аҧсны АССР Аминистцәа Реилазаара ареспубликақәа рыбжьара адәныҟа-економикатәи еимадара Аҳәынҭқарратә Еилакы Ахантәаҩы.

1992-1995шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, адәныҟатәи аеконимикатә еимадарақәа Реилак ахантәаҩы.

1995-1997шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр.

2002-2002шш. Урыстәыла Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат ицхырааҩ.

1997-2002шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада.

2003-2004шш. рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр.

2002-2003шш. рзы Аҧсны Аҳәанҭқарра Ахада Ихадара Анапхгаҩы.

2004 шықәса иахьа уажәраанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата Ахада.