Аимҳәаршәаа иаҿагылоу алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Аҟәа

Агәабзиарахьчара аминистрра аԥшьгарала, аиммунизациа Адунеизегьтәи амчыбжь аҳәаақәа ирҭакны Аҟәа имҩаԥысуеит аимҳәаршәаа иаҿагылоу алаҵаҟаҵара.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Бельгиатәи авакцина "Приориск" аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аус здырулаз лаҵоуп, х-хырхарҭак амоуп лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз, Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым хада Ада Абыхәԥҳа.

Аимҳәаршәааз алаҵа аҟаҵарахь ҳнарыԥхьоит Аҟәатәи аҳақьымцәа

"Уаанӡа иҟарҵоз алаҵа 15 шықәса аҿҳәара аман. Уажәы бельгиатәи алаҵа ҿыц ҳзааит. Уи аҿҳәара 25 шықәса ыҟоуп. Агәабзиарахьчара аминистрра иаанахәеит ареспубликаҿ иазхаша алаҵа "Приорикс". Аимҳәаршәаачымазара цәырҵуа иалагеит. Убри азы Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәаршәаа иаҿагыланы алаҵаҟаҵара амҩаԥгара хацнаркит. Иҳаԥну атәылақәа рҟны аҭыԥ рыман ахәыҷқәа рыдагьы адуцәагьы абри ачымазара анрыхьыз ахҭысқәа. Уи аду изы акыр ишәарҭоуп. Иҟан аԥсыҭбара зцыз ахҭысқәагьы. Алаҵаҟаҵара ачымазара еиҳа иԥнакуеит", — лҳәеит Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым хада Ада Абыхәԥҳа.

Аԥсны 2014 шықәса раахыс аимҳәаршәаа зыхьуа ҳәа аӡәгьы дҭаҩым. Уи зыхҟьаз еиҳарак есышықәса имҩаԥырго алаҵаҟаҵароуп. Абыхәԥҳа лажәақәа рыла Аҟәа алаҵа змоу ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 90% рҟынӡа инаӡоит. Уи рбага бзиоуп ҳәа илшьоит лара.

"Алаҵаҟаҵара мҩаԥаагаанӡа ахәыҷы игәабзиара ҭаҳҵаауеит, ишора ҳшәоит. Аԥхьатәи алаҵа аламҭалаз ишьа анализ ҭбаа азаауеит, УЗИ изыҟаҳҵоит", — ҳәа далацәажәоит аҳақьым хада.

Алаҵа аҟаҵара зҭахым ауаа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еиҵахоит ҳәа азгәалҭоит аҳақьым.

Мшаԥы 24 — 30 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит аиммунизациа Адунеизегьтәи амчыбжь. Иара хықәкны иамоуп ишәарҭоу ачымазарақәа рҟынтәи алаҵаҟаҵара храс иалоу.