Аимҳәаршәааз алаҵа аҟаҵарахь ҳнарыԥхьоит Аҟәатәи аҳақьымцәа

© Sputnik / Сария КварацхелияБрифинг посвященный Всемирной неделе иммунизации
Брифинг посвященный Всемирной неделе иммунизации - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиммунизациа адунеизегьтәи амчыбжь иазку абрифинг мҩаԥган мшаԥы 25 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны ирацәахеит аимҳәарҳәаачымазара ҳәа азгәалҭеит абрифинг аҟны Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Мактина Лакербаиаԥҳа.

Медицинский работник делает укол - Sputnik Аҧсны
Скорик: аимҳәа алаҵа хра аманы ахы аанарԥшит

"Аимҳәаршәаачымазара цәырҵуа иалагеит. Убри азы Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәаршәаа иаҿагыланы алаҵаҟаҵара амҩаԥгара хацнаркит. Иҳаԥну атәылақәа рҟны аҭыԥ рыман ахәыҷқәа рыдагьы адуцәагьы абри ачымазара анрыхьыз ахҭысқәа. Уи аду изы акыр ишәарҭоуп. Иҟан аԥсыҭбара зцыз ахҭысқәагьы. Алаҵаҟаҵара ачымазара еиҳа иԥнакуеит", — лҳәеит лара.

Аҵыхәтәантәи 25 шықәса рыҩныҵҟа зныкоуп аимҳәаршәааз алаҵаҟаҵара анымҩаԥгаз. Асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа рыла уи ҳәарада иазхоны иҟам.

"1993 — 1995 ашықәсқәа раан аимҳәаршәааз алаҵа зынӡагьы иҟаҵамызт. Убри иахҟьеит уажәы зиммунитет лаҟәу ауаа рырыцәара", — лҳәеит Скорик.

Уаанӡа иҟарҵоз алаҵа 15 шықәса аҿҳәара аман.

"Уаанӡа иҟарҵоз алаҵа 15 шықәса аҿҳәара аман. Уажәы бельгиатәи алаҵа ҿыц ҳзааит. Уи аҿҳәара 25 шықәса ыҟоуп", — лҳәеит Аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҳақьым хада Ада Абыхәԥҳа.

Мшаԥы 24 — 30 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит аиммунизациа Адунеизегьтәи амчыбжь. Иара хықәкны иамоуп ишәарҭоу ачымазарақәа рҟынтәи алаҵаҟаҵара храс иалоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0