Кировобадынтә Аҷандараҟа: Камсыс Ҭаниа афронт аҟнытә иааишьҭаз исалам шәҟәы

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду 1941-1945 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аибашьцәеи рҭаацәеи еимаздоз афронт аҟнытә асалам шәҟәқәа ракәын. Sputnik Аԥсны апроект "Асалам афронт аҟнытә" - аибашьцәа ргәы иҵхоз, аҩныҟа ишықәхьааргоз атәы.
Sputnik

"Кировобадынтә Аҷандараҟа!
Мшыбзиа, акыр иаԥсоу сымаҳә Хаџьараҭ!
Зегь раԥхьаӡагьы сазҵаар сҭахуп: шәышԥаҟақәоу ҭаацәаныла?
Шәысалам шәҟәқәа ҩба соуит, даара иҭабуп. Ҳаџьараҭ, уара лассы-лассы Гәдоуҭа уҟалалоит, суҳәоит сҭаацәа рыҟны ункыдгылала, иахьыҟоу шәарҭоуп, ихылаԥшрадоумтәын. Уаҳа шәҟәы умҩын, афрон ахь ҳдәықәлоит, сахьнеиша саннеилак, ишәзызыҩуеит. Хьаас сҟашәымҵан, зегь ахьыҟоу сыҟоуп, аӷьараҳәа стәыла сыхьчоит. Сҭаацәа роуп игәнызго…

Аԥсҭазаараҿы ус иагьа иҟалалоит, ҳаиқәшәап наҟ-наҟ. сысалам зегьы. Аӡәи- аӡәи шәеицхыраала, шәеизхәыцла, аџьықәреи шәыгымхааит, амлакра шәхьымӡааит!
Бзиала, Камсас"