"Аԥсны иҟоу зегьы ҳдыруазарц сҭахуп!": Маџьыҭ Ԥкьын исалам шәҟәы

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду 1941-1945 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аибашьцәеи рҭаацәеи еимаздоз афронт аҟнытә асалам шәҟәқәа ракәын. Sputnik Аԥсны апроект "Асалам афронт аҟнытә" - аибашьцәа ргәы иҵхоз, аҩныҟа ишықәхьааргоз атәы.
Sputnik

"Мшабзиа, ҳаҭыр зқәысҵо сан!
Быҷкәын сҟынтә асалам быдкыл! Бгәабзира шԥаҟоу, бҽырӷәӷәа шуреи бареи шәсызхәыцуазар ҟалап, сара хьаас сшәымкын. Ҽнак хынтә акраҳҿарҵоит, аҳауа ԥхоуп, 15-ҩык аԥсуаа ҳаҟоуп. Амаҭәақәа шәзынасышьҭит, сара акгьы аанысымкылаӡеит, аԥарагьы ирласны идәықәсҵоит, 40 мааҭ соуеит, аха иахьнысхуа ҳәа акгьы ыҟаӡам. Сан, еснагь сыбла быхгыдоуп, бҵәыуашәа збоит, акрыфара мап ацәыбкоушәа сгәы иабоит, сбыҳәоит ус ҟабымҵаразы, уи иаҳагьы сгәы снархьуеит…
Уажжәазы абзиараз, иҵегьы, шура дабаҟоу? Акаки дызҿузеи? Сыздыруа, сызгәалашәауа зегыь сысалам рыҭа. Сшәыҳәоит, асалам шәҟәы шәацәымаашьакәан исзыжәҩла. Аԥсны иҟоу зегьы ҳдыруазарц сҭахуп.
Шәара шәԥа Маџьыҭ Ԥкьын"
Март 30, 1942 шықәса.