АҞӘА, лаҵара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа " Москва Аҩнаҿы" ирыдырныҳәалеит Аиааира амшныҳәа ду.
"Есышықәса "Москва Аҩны" Москва ақалақь адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәеи Рдепартамент адгыларала имҩаԥнагоит Аԥсны инхо аибашьра аветеранцәа рыдныҳәалара. Аветеранцәа, аибашьцәа зыԥсы ҭоу ҭоурыхны иахьагьы иҳалагылоуп. Иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп еиҵагыло аҿар урҭ рҭоурых рымаадарц азы", — лҳәеит "Москва Аҩны" аинформациатә ҟәша аиҳабы Диана Занҭариаԥҳа.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа рзы Аҟәатәи абжьаратә школ №2 аҵаҩцәа ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, инарыгӡеит ашәақәа, акәашарақәа.
Аибашьра алахәылацәа гәаххәарыла ахәыҷқәа ирыцырҳәон аибашьра аамҭа иалиааз ашәақәа, напеинҟьарыла ирԥылон.
Аҩбатәи акласс аҿы итәо Серафим Егоров ианду Зинаида Рубцова аибашьраан дԥырҩын. Уи атәы иара гәахәарыла еиҭеиҳәеит.
Нонна Дорофеева афронт аҿы амашьына ныҟәылцон, абџьари аџьаԥҳани ар ирызналгон.
"Лассы-лассы исазҵаалоит: Реихстаг ббама ҳәа. Сара исҳәоит усҟантәи аамҭазы уа ҳавиациа аус ауан. Акы убо акы еилурго иҟамызт, зегь еилаԥыххаа иҟан ҳәа", — ҳәа еиҭалҳәоит аветеран.
Аиааира 73-шықәса ахыҵра инамаданы аветеранцәа иранашьан агәалашәаратә ҳамҭақәа.