"Москва Аҩны" аветеранцәа рзы аҳамҭақәа архиеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПразднование Дня Победы в Сухуме
Празднование Дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Москва Аҩны" Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа реиԥш аџьа аветеранцәа рзгьы аҳамҭақәа архиеит.

АҞӘА, мшаԥы 27– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-усутә центр " Москва Аҩны" 1941-1945 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа реиԥш аџьа аветеранцәа рзгьы аҳамҭақәа архиеит, лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз "Москва Аҩны" адиректор хада Зоиа Баутина.

"Есышықәса Москва Аиҳабыра адәныҟа економикатә еимадарақәа Русбарҭа Аиааира амш аламҭалаз иазнархиоит аҳамҭақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа реиԥш аџьа аветеранцәа рзгьы", — лҳәеит лара.

"Москва Аҩны" адиректор хада Зоиа Баутина лажәақәа рыла Аԥсны иҟоу 53-ҩык аветеранцәа аҳамҭақәа реиԥш хәба-хәба нызқь мааҭгьы рырҭоит материалтә цхыраарак аҳасаб ала.

Акультура-усутә центр " Москва Аҩны" Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ишьаҭаркын 2013 шықәса рзы. Иара аусура азырхоуп Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара акультуратәи адоуҳатәи еимадарақәа рырҭбаара, аҵаратә, асоциалтә, агуманитартә уҳәа программақәа адгылара рыҭара.

Ажәабжьқәа зегьы
0