Џьансыхә Нанба: қьаадла ишьақәырӷәӷәам аԥара аныхрақәа азҵаара ӡбатәуп

Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо далацәажәеит планқәаны имоу ртәы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 8 – Sputnik. Раԥхьа иргыланы афинанстә дисциплина рыӷәӷәатәуп иҳәеит аусбарҭа ԥхьаҟатәи аусура атәы далацәажәо Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз.

Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит Афинансқәа рминистрра абиуџьет аныхрақәа еиҳа ахьаԥшра анаҭо ишалаго.

Ҵыԥхтәи абиуџьет Апрокуратура хадахь инашьҭуп

"Иаҳҳәап ҿырԥштәны, аҳәынҭқарратә автомашьына зыхәҭоуи изыхәҭами еилыргатәуп, уи азы аныхрақәа рхышәа-ҵышәа шьақәыргылатәуп, абылтәы заҟа аҭаху еилкаатәуп. Абри аиԥш адокументшьаҭа змам аҿырԥштәқәа рацәоуп", — иҳәеит иара.

Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит иҳамоу алшарақәа хра рыманы рыҟаҵаразы аԥҟаррақәа шьақәыргылатәуп ҳәа.

"Аԥҟаррақәа ирықәныҟәаларц ауп изаԥырҵо. Уи азы ҳара амеханизмқәа ҳамоуп, иаҳҳәап аказначеитә маҵзура", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Нанба иҳәеит афинансқәа рминистр иҭыԥ аҭакԥхықәра дуны ишамоу.

"Хышықәса ирықәуп аминистрраҿы аус зуеижьҭеи. Аминистр иҭыԥ аҭакԥхықәра ду аҵоуп. Уи ақәшаҳаҭразы иушәаша-иузаша рацәоуп, аха атәыла анапхгара уи аус сылшоны ибаны иансыдыргала сақәшаҳаҭхар акәхеит", — иҳәеит Нанба.

Мшаҧымза 30 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр изы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.