Ҵыԥхтәи абиуџьет Апрокуратура хадахь инашьҭуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУничтожение старых банкнот в Банке России
Уничтожение старых банкнот в Банке России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара мҩаԥысит лаҵара 3 рзы.

АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Адепутатцәа "2017 шықәса рзтәи Ареспубликатә биуџьет анагӡаразы" аҳасабырба агәаҭаразы Аԥсны Апркуратура хадахь инарышьҭит.

Абри азы ажәадгала ҟарҵеит адепутатцәа рыхәҭак Афинансқәа рминистрреи абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы рыҳасабырбақәа рышьҭахь.

Денежные купюры - Sputnik Аҧсны
2018 шықәсазтәи абиуџьет апроект Апарламент иаднакылеит

"Аҳасабырбатә аамҭа иалагӡаны Ареспубликатә биуџьет иаланагалеит 8 миллиардки 305 миллион мааҭ. Уи 376 миллион мааҭ рыла еиҵоуп иазыԥхьагәаҭаз аасҭа. Урҭ алагалақәа рҟынтәи 2 миллиардки 949 миллиони 487 нызқь мааҭ ахатәы резервқәа роуп. Урыстәылатәи афинанстә цхыраара иартәеит 5 миллиардки 356 миллион мааҭ. Аныхрақәа идыртәеит 7 миллиардки 876 миллиони мааҭ. Миллиардк мааҭ инарзынаԥшуа иззыԥшыз алагалақәа нагӡамызт", — лҳәеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Натали Смыр, ажәалагалагьы ҟалҵеит 2017 шықәсазтәи абиуџьеттә ҳасабырба рыдрымкыларц азы.

Апарламентарицәа мап ацәыркит актәи аԥхьарала "2017 шықәса рзтәи Ареспубликатә биуџьет анагӡаразы" аҳасабырба адкылара.

Адепутат Алмасхан Арӡынба ажәалагала ҟаиҵеит аҳасабырба Апрокуратура хадахьы инашьҭызарц "2017 шықәса рзтәи Ареспубликатә биуџьет анагӡарази" "Акоррупциа аҿагыларази" "Аԥсны Аминистрцәа реилазаарази" азакәанқәа аилагара рымоу ирымаму агәаҭаразы.

27-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 25-ҩык уи адгылара арҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0