"Разҟык сымаӡамкәа симшеит нас!": Харитон Ҭаркьыл исалам шәҟәы

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду 1941-1945 шықәсқәа рзы Аԥснытәи аибашьцәеи рҭаацәеи еимаздоз афронт аҟнытә асалам шәҟәқәа ракәын. Sputnik Аԥсны апроект "Асалам афронт аҟнытә" - аибашьцәа ргәы иҵхоз, аҩныҟа ишықәхьааргоз атәы.
Sputnik

"Разҟык сымаӡамкәа симшеит нас!
Аха сара убра саныҟаз ишәасҳәахьан, ԥхыӡырла избеит ак шысмыхьуа ҳәа… Хьаас сҟашәымҵан, саргьы ааигәа шәысгәаласыршәом, исуалу насыгӡаанӡа…
Уаха сықәҵоит Ереван, сахьаго сыздыруам. Салам шәымоуп зегьы, шәаԥхьаҟа сыԥсааит! Абзиаразы ҳаиқәшәалааит! Сан, Харитон бара дбыкәахшоуп, хьаас сҟабымҵан!
Саб, Харитон уара дукәахшоуп!
Куҷкуыҷ, Харитон дшәыкәахшоуп!
Сониа, сылашара! Харитон бара дбыкәахшоуп! Бара бакәын сзыцхыраашаз, аха ахьӡаха смоуит. Аха ҳахьӡап… Ҩымз рҿынӡа сыбхабмыршҭын. Ҩымз рышьҭахь шәҟәы аншәмоу, Харитон Берлинҟа дцеит…"
Харитон Миха-иԥа Ҭаркьыл, Берлин аҟынӡа дзымнаӡеит. Дҭахеит 1942 шықәса ииун 14 рзы.