Амармалташьтә пты анырҵәаразы аусурақәа ирыцҵоуп

Зқьы гектар инарзынаԥшуа ақыҭанхамҩа аарыхырҭақәа ахәшә рықәырҭәахьеит амармалташьтә пты аҿиара амаиурц.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11– Sputnik. Зқьы гектар инарзынаԥшуа ақыҭанхамҩа аарыхырҭақәа ахәшә рықәырҭәахьеит амармалташьтә пты аҿиара амаиурц, иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Дауров.

Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит амармалташьтә пты аҿагылара дырӷәӷәарц

"Амармалташьтә пты анырҵәаразы аусурақәа ҳарҿуп. Еиҳа ауадаҩрақәа ыҟоуп ареспублика мрагыларатәи ахәҭаҿы, иара убас Гәдоуҭа араион аҿи. Уажәы арасаҵлақәа ахәшә рықәаҳҭәоит. Аусурақәа жьҭаарамзанӡа имҩаԥаагалоит", — иҳәеит иара.

Ақыҭанхамҩа аминистрраҿы иазыԥшуп ахәшәқәҭәагақәеи, ахимикатқәеи, аферомонтә кыгақәеи урыстәылантәи раара.

"Ахимикатқәа ҳазхаратәы иҟоуп. Урҭ еихшаны араионқәа рахь ираҳҭеит. Ауааԥсыра рыдгьылқәа рхала ахәшә рықәырҭәоит", — иҳәеит Дауров.

Апты шьаҭанкыла ақәгара залшом, аха ахыԥхьаӡара акыр илаурҟәыр ауеит ҳәа азырыԥхьаӡеит аусбарҭаҿы.

Амармалташьтә пты Амшын еиқәа аҿықә иаԥну атәылақәа рҿы ицәырҵит ԥшьышықәса раԥхьа.

Иара рбеит Новороссиски Шәачеи иахьрыҵаркуагьы. Ауаа рзы шәарҭара аҵам.

Аҿиара амоуп +15ºС  +33 ºС рҟынӡа аԥхарраҿы.