"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҷанԥҳа аушьҭымҭацәа рцәамаҭәа иазкны
© Sputnik
"Сынтәа аҭыԥҳацәа иалырхуеит иаҳа имариоу аҵыкқәа. Ҵыԥх аԥыжәара змаз ԥшшәылеи формалеи иҩычаз акәзар, сынтәа "иҭынчу" ауп. Аӡыхраан ихадароуп, доусы ицәа ианаалоу аҵкы аԥшшәыи, аформеи алхра. Ҳәарада, иҟоуп аинтернет аҿы ирыԥшааз аҵкы асахьа анаарго, аха уигьы анаҩс анҽеиҭанакуа ыҟоуп", — ҳәа азгәалҭеит Ҷанԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.