АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи аусзуҩцәа ԥхынҷкәын 14 1992 шықәса рзы аверталиот ахькаҳаз аҭыԥ аҟны ирыԥшааит аверталиот ахәҭаԥҽыхақәеи ахәыҷымаҭәақәеи, ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит амузеи аусзуҩ Геннади Цулаиа.
"Лаҭа ақыҭахь еиҿкааз аекспедициа аан иԥшааз еиуеиԥшым аԥҽыхақәеи амаҭәақәеи рекспозициа амҩаԥгара еиҿаҳкаарц ҳаӡбеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.
Авертолиот ахькаҳаз аҟынӡа анеира уадаҩын, аха Кәтол ақыҭа ауааԥсыра ацхыраара ҟарҵеит.
"Ҳара уа ҳаннеи имаҷымкәа аԥҽыхақәеи ахәыҷымаҭәеи аабеит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ауаҩԥсыбаҩқәагьы убар алшоит рҳәеит, аха усеиԥш акгьы ҳамбеит. Аҭыԥ акәша-мыкәша абџьар гылан иҟан. Шьаҭанкыла аԥшаарақәа рымҩаԥгаразы иҷыдоу аекспедициа еиҿкаатәуп", — иҳәеит амузеи аусзуҩ.
Амузеи ахь инагоуп имаҷымкәа амаҭәарқәа.
"Амузеи ахь иаагаз рацәоуп, аха реиҳарак уа, амемориал ахьгылоу иҟоуп. Ауаа арыцҳара аҭыԥ ахь инеины иҟаз шыҟаз рбароуп. Уаҟа уцәаныррақәа аҽакала иҵархоит, иҟаз угәаҵанӡа инеиуеит" — иҳәеит Цулаиа.
Ԥхынҷкәын 14 1992 шықәса рзы Гәылрыԥшь араион, Лаҭа ақыҭа иахьаҵанакуаз аҭыԥ аҿы ақырҭуа фашистцәа еихсны икарыжьит амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа аҳәсеи ахәыҷқәеи аазгоз аверталиот.
Иҭахеит 85-ҩык. Урҭ рҟынтәи 35-ҩык хәыҷқәан.