Лаҭатәи атрагедиа аҿы иҭахаз ргәалашәара амш Гәдоуҭа иазгәарҭеит

© Sputnik Анжелика Бениа Лаҭатәи атрагедиа агәалашәара иазкыз амитинг Гәдоуҭа.
Лаҭатәи атрагедиа агәалашәара иазкыз амитинг Гәдоуҭа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
23 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14 иҟалаз Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз Гәдоуҭа ақалақь аҟны иргәаладыршәеит.

ГӘДОУҬА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа.  Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, аминистрцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ашколхәыҷқәа.

Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рбаҟа аҿаԥхьа алахьеиқәҵаратә митинг  мҩаԥган.

Амитинг мҩаԥигеит Гәдоуҭа араион акультура аҟәша аиҳабы Валери Ҭаниа.

"Иахьа абар 23 шықәса ахыҵит уи атрагедиа. Аамҭа ирласны ицоит, аха уи иахаану рзы уи арыцҳара лабҿаба избаз рзы аамҭа аангыланы ауп ишыҟоу. Хашҭра ақәымзааит ҳҭоурых", — иҳәеит Ҭаниа.

Амитинг аҟны ажәа иман зыԥҳаи змаҭацәеи авертолиот иҭаблыз Қыби Сангәлиа.

"Усҟан уи ажәабыжь ҳаԥсҭазаара ҳамнахит. Зныкала аԥсҭазаара рацәа ҳацәнагеит. Иҭаблыз рҟынтәи еиҳарак Очамчыра араион иатәын. Иҭабуп иахьышәгәалашәо. Иахьа уи акзаҵәык ауп иаҳуалу", – иҳәеит Сангәылиа.

Художник Нодар Цвижба - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеран Ҵәыџьба: аԥсуаа аӡә данҳагәҭасуа ауп ҳанеидгыло

Агәаларшәаратә митинг иалахәын Аԥсны аҳәынтқарра ахада Рауль Ҳаџьымба, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшба, Гәдоуҭа араион анапхгара, Аԥсны егьырҭ ақалақьқәа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа, иҭахаз рыуацәеи, рҭынхацәеи.

23 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәын 14, 1992 шықәсазы ахҵәацәа зықәтәаз авертолиот  МИ-8 амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа амҩа иқәлеит.

Авертолиот  анышьҭԥраа 17 минуҭ рышьҭахь қырҭҭәылатәи  архәҭақәа рнапаҿы иҟаз Кәыдрытәи аиҩхаа, Лаҭа ақыҭа ианахыԥраауаз аламҭалазы иҭархан, рыԥсқәа шҭаз амца иаблит 84-ҩык, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа, аа-ҩык зцәазтәымкәа иҟаз аҳәса.

Ажәабжьқәа зегьы
0